Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи архәҭақәа УАМ рзы аракета ахәҭақәа ахьыҟарҵоз ацехқәа еиларҟәаҟәеит

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения "Восток-2022"
Учения Восток-2022  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2022
Анапаҵаҩра
Иара убасгьы ааха рыҭоуп аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа рыхгәыцәқәа ахьҭрыжьуаз харковтәи азауад "Коммунар" ацехқәа хԥа.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Украинатәи ар рзы аракета ахәҭақәа ахьҭрыжьуаз Павлоград азауад ацехқәа ааха рырҭеит Урыстәыла аҳауа-космостә мчқәа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Икылкаан ихысуа абџьар ала Урыстәыла аҳауа-космостә мчқәа Днепропетровтәи аобласт, Павлоград украинатәи ар рзы аракета ахәҭақәа ахьыҭрыжьуаз азауад ацехқәеи аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа рыхгәыцәқәа ахьыҭрыжьуаз харковтәи азауад "Коммунар" ацехқәеи ааха рырҭеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адыррала Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ ар ргәыԥ урыстәылатәи агыларҭақәа ирыжәлеит Харковтәи аобласт аиланхарҭа Берестовое, ЛЖәР аиланхарҭа Куземовка рааигәара, аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭархоуп 110-ҩык украинатәи аруаа, х-танкк, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа хәба, 14 акәылӡмашьынақәа "Хамви" "Козаки".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ амотошьаҟауаа рбаталионқәа ҩба ржәылара аԥырҟәҟәаауп, иҭархоуп 90-ҩык, ихәуп 60-ҩык украинатәи аруаа, ԥшь-танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа жәаҩа, акәылӡытранспортиорқәа фба, апикапқәа хԥа, автомашьынқәа ҩба.
Вывоз сдавшихся в плен украинских военных и боевиков с Азовстали - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аррамаҵурауаа шәҩык инреиҳаны Киев зхылаԥшуа адгьылҵакыра аҟынтәи ирхынҳәуп
Николаево-Криворожтәи ахырхарҭала артиллериалеи авиациалеи украинатәи ар ааха рыҭоуп. Иҭархоуп 95-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа жәабеи еиуеиԥшым автомашьынақәа жәабеи.
Уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа УАМ анапхгараҭарҭақәа хәбеи, 87 артиллериатә еиҵаҟәшақәеи, аруааи арратә техникеи ааха рырҭеит, иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба карыжьит, еиԥдырҟьеит РСЗО"HIMARS", "Ураган" рыхгәыцәқәа рыԥырра.
Военная подготовка мобилизованных в Свердловской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Урыстәыла Арбџьармчқәа Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи амотошьаҟауаа ржәылара ԥхьарцеит
Ажәабжьқәа зегьы
0