Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2022
Анапаҵаҩра
Абҵара 6 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аԥсышәала ицәажәаз раԥхьатәи адырраҭарала аефир ахь ицәырҵит.
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара амш инамаданы уи аиҳабы Ирина Агрԥҳаи аусзуҩцәеи дрыдныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит абҵара 6 1978 шықәсазы аефир ахь аԥсышәала ицәажәаз раԥхьатәи адырраҭара аҭыҵра аԥсуа жәлар зегьы рзы крызҵазкуа хҭысны ишыҟалаз. Ари аамҭа иалагӡан шәнысымҩа даара ибеиоуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.
"Хазы иазгәасҭар сҭахуп аибашьраан ателехәаԥшра, арадио аусуцәа ижәбаз аџьабаа. Шәара ишәылшеит амаругақәа еиқәырханы аҳҭнықалақь ралгара, анаҩс Гәдоуҭантәи аефир ахь аҭыҵра. Рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, ажурналистцәа афронт аҿы анҵамҭақәа ҟарҵон, уи иабзоураны ҳара иҳамоуп аибашьра иамшынҵахаз хәы змам архивтә кадрқәа. Хьаа дууп иахьа иахьҳалагылам аибашьраан иҭахаз, инаскьахьоу шәҩызцәа. Урҭ ргәалашәара хашҭра ақәым", - иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахь аамҭа хьанҭақәа раан Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа гәкамыжьрада рыжәлар рымаҵ шыруз. Иахьагьы шәзанааҭ пату ақәҵаны, шәыпрофессионалтә уалԥшьа нашәыгӡоит иҳәеит иара.
"Аиҳабыратә биԥара иаҵанакуа ателехәаԥшра аусзуҩцәа рԥышәа, рдырра рымардоит аҿарацәа. Еихаҳауа иаажәго, жәлары зегьы рзы иҿахәҳәагоу Аԥсуа телехәаԥшра иазеиӷьасшьоит аизҳара", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Иара убас атәыла ахада Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиареи аҭынчреи.
Абҵара 6 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аԥсышәала ицәажәаз раԥхьатәи адырраҭарала аефир ахь ицәырҵит. Уинахыс амилаҭтә телехәаԥшра ашьақәгылареи аҿиареи рымҩа ианылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0