Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Урыстәыла имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциазы: амобилизациа афронт ариашеит

Ҳагба Урыстәыла имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциазы: амобилизациа афронт ариашеит
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ахҭысқәа иахьатәи аамҭаз рыҿиашьа ахҳәаа аиҭеит.
Арратә специалистцәа аӡәырҩы иазгәарҭоит аоперациа шьҭа акыршықәса аиҿагылара змоу хҭысны ишыҟало ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба аиҿцәажәараҿы.
"Мраҭашәара иҟоу 40 ҳәынҭқарра инарзынапшуа Америка иадгыланы Урыстәыла иаҿагыланы, ишиашоу ицо аибашьра рҽаладмырхәуазаргьы, бџьарла, малла Урыстәыла иаҿагылеит. Ас еиԥш сара исгәалашәаӡом Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Абра аиҿагылараҿы Урыстәыла аиааира ргар, ҳара иҳамаз аԥыжәара ҳамырхыр ҟалоит ҳәа ихәыцуеит Мараҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа, иара Америкагьы уахь иналаҵаны. Арратә операциа хәыҷык иҭышәынтәылеит, афронтгьы аҽарҭбааит амобилизациа иабзоураны. Иааиуа амзқәа рзы иҟалоит хҭыс дуқәак, шьаҭанкыла аоперациа зыԥсахуа", - иҳәеит Ҳагба.
Амобилизациа афронт ариашеит, Украина имҩаԥнагоз ажәыларақәа шьҭа ирзымҩаԥгаӡом, ҳәа иҳәеит Ҳагба. Аполитолог иажәақәа рыла, адиверсиатә еибашьра иаҳа аԥыжәара аго иалагеит, аклассикатә еиҳа, аха иааиуа амзқәа рзы зегьы шьаҭанкыла аҽаԥсахуеит ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0