https://sputnik-abkhazia.info/20221108/nabiullina-urystyla-abankt-sistema-2022-shysati-auadaraa-akhnageit---1042515757.html
Набиуллина: Урыстәыла абанктә система 2022 шықәсатәи ауадаҩрақәа ахнагеит
Набиуллина: Урыстәыла абанктә система 2022 шықәсатәи ауадаҩрақәа ахнагеит
Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿ 2023-2025 шықәсқәа рызтәи аԥара-кредиттә политика ахырхарҭа хадақәа рыпроект иалацәажәоит. 08.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-08T12:20+0300
2022-11-08T12:20+0300
2022-11-08T13:39+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/15/1038754525_0:0:1647:927_1920x0_80_0_0_6dd8ddd29ef8444709a2d6b11bd60ccb.jpg
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Урыстәыла Абанк хада аиҳабы Ельвира Набиуллина аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла абанктә система 2022 шықәсатәи ауадаҩрақәа ахнагеит ҳәа. Абри атәы аҳәоит РИА Новости Набиуллина Аҳәынҭдума аилакқәа реилатәараҿы лықәгылара ааго. Набиуллина убри аан иазгәалҭеит асанкциақәа аекономика иарҭаз аныррақәа реиҵатәра иаԥсам ҳәа. Лара илҳәеит аглобалтә економикеи урыстәылатәи аекспорти амчрақәа анырра рзура шрылымшо. Абанк хада аиҳабы илҳәеит асанкциақәа урыстәылатәи аимпорт агеографиа еиҭаркуеит, адәныҟаекономикатә еимадара ҿыцқәа рцәырҵра рҭахуп ҳәа. Украина арратә операциа ҷыда алагара ашьҭахь мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла хыԥхьаӡара рацәала асанкциақәа адҟарҵалеит. Урҭ рхықәкы – Урыстәыла аекономика ашьапы ақәҟьароуп, аиҳаракгьы абанктә система. Урыстәылагьы асанкциақәа рҭакс аҭактә санкциақәа аланагалеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/15/1038754525_230:0:1482:939_1920x0_80_0_0_3b1ce926ab9491e47f82318ab038ce36.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Набиуллина: Урыстәыла абанктә система 2022 шықәсатәи ауадаҩрақәа ахнагеит
12:20 08.11.2022 (ирҿыцуп: 13:39 08.11.2022) Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿ 2023-2025 шықәсқәа рызтәи аԥара-кредиттә политика ахырхарҭа хадақәа рыпроект иалацәажәоит.
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Урыстәыла Абанк хада аиҳабы Ельвира Набиуллина аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла абанктә система 2022 шықәсатәи ауадаҩрақәа ахнагеит ҳәа. Абри атәы аҳәоит РИА Новости Набиуллина Аҳәынҭдума аилакқәа реилатәараҿы лықәгылара ааго.
"Абанктә система, аԥхьатәи ааха иара ишаиузгьы, иалшеит ауадаҩрақәа риааира", - ҳәа лҳәеит лара.
Набиуллина убри аан иазгәалҭеит асанкциақәа аекономика иарҭаз аныррақәа реиҵатәра иаԥсам ҳәа. Лара илҳәеит аглобалтә економикеи урыстәылатәи аекспорти амчрақәа анырра рзура шрылымшо.
Абанк хада аиҳабы илҳәеит асанкциақәа урыстәылатәи аимпорт агеографиа еиҭаркуеит, адәныҟаекономикатә еимадара ҿыцқәа рцәырҵра рҭахуп ҳәа.
Украина арратә операциа ҷыда алагара ашьҭахь мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла хыԥхьаӡара рацәала асанкциақәа адҟарҵалеит. Урҭ рхықәкы – Урыстәыла аекономика ашьапы ақәҟьароуп, аиҳаракгьы абанктә система.
Урыстәылагьы асанкциақәа рҭакс аҭактә санкциақәа аланагалеит.