АШәМ еиҭарҳәеит Урыстәыла иааныркылаз аҭыԥ ду нызкыло украинатәи аԥшыхәыҩ итәы

© Sputnik / Евгений БиятовФСБ России
ФСБ России - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2022
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны иалацәажәоуп асеиԥш ачын ду змоу украинатәи аԥшыхәыҩ иӡбахә.
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Урыстәыла аҭыԥ ду нызкылоз украинатәи аԥшыхәыҩ даадырԥшит, иус ӡбаны 19,5 шықәса колониала ахыгара иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.
Украина Атәылахьчара аԥшыхәратә усбарҭа Хада аполковник Штыбликов Д.А. 2014 шықәсазы Урыстәылеи Ҟрыми реидылара ашьҭахь адгьылбжьахабжаҿ даангылеит, Урыстәыла атәылауаҩра иоуит.
Амшын еиқәа афлот архәҭақәа руак аҿы аграждантә ус аҿы аусура далагеит. Киевҟа инаишьҭуан Ҟрым игылоу архәҭақәа рзы адырраҭарақәа, аха ианаамҭаз дааныркылеит.
"Амчра аиуит Аладатәи аокруг арратә ӡбарҭа аӡбамҭа – аҳәынҭқарратә ԥсахра мҩаԥигеит ҳәа ахара зыдҵоу Украина Атәылахьчара аԥшыхәратә усбарҭа Хада аполковник Штыбликов Д.А. иганахь ала. Штыбликов Д.А. 19 шықәсеи 6-мзи арежим ӷәӷәа иаҵанакуа аколониаҿы ахгара иқәҵоуп. Арахь иаҵанакуеит 2017 шықәсазы Севастопольтәи ақалақьтә ӡбарҭа иқәнаҵаз 5 шықәса (Амшын еиқәа афлоти Ҟрыми рыграждантә инфраструктуратә хыбрақәа рҿы аԥжәарақәа реиҿкааразы)", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0