Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абларҭатә операторцәа Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система иалахәылахар ҟалоит

© Sputnik Нацбанк Абхазии
Нацбанк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Анапаҵаҩра
"Амилаҭтә ԥарашәаратә системаз" азакәан ариашарақәа ирылацәажәан Апарламенттә еилакы аҟны.
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Абларҭатә операторцәа Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система иалахәылахар ҟалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә банк аекономика-зинтә департамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Леон Ԥлиа.
"Аилак аҿы ирылацәажәан амилаҭ-ԥарашәаратә системахь алахәыла ҿыццәа – амаҵзура ҿыцқәа рцәырҵра иацхраауа афинанс-технологиатә еилахәырақәа ралагалара алзыршо азҵаарақәа", - ҳәа иҳәеит Ԥлиа.
Иара иазгәеиҭеит, аԥарашәаратә усхк амчхара адунеи зегьы аҟны аҿиара шамоу. Аԥсынгьы, маҷк ихьшәаны акәзаргьы ари ахырхарҭа ишықәныҟәо. Убри азы аҿиара аиуроуп азакәанԥҵарагьы.
"Ҳтәылаҿы иҟоуп алшара ҳарак змоу аиҿкаарақәа. Раԥхьа иргыланы ари аԥарашәаратә маҵзура аусхк иалахәхар зылшо абларҭатә операторцәа роуп. Аԥсны аԥарашәаратә система алахәылацәа ҳәа азакәан иҳәаақәнаҵо акредиттә еиҿкаарақәа роуп, аха иалшоит егьырҭ аиурист хаҿқәа - афинанс-технологиатә еилахәырақәагьы алахәхар. Убри аан урҭ ралахәхара аҭагылазаашьақәа ирылацәажәам. Ариашарақәа азырхоуп урҭ рыстатус ахарҭәаара амилаҭтә ԥарашәаратә система иалахәхарц азы", - ҳәа иҳәеит Ԥлиа.
Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара мҩаԥысит абҵара 8 рзы.
"Амилаҭтә ԥарашәаратә системаз" азакәан ахь ариашарақәа инарықәыршәаны иалагалахараны иҟоуп аилкаара "аелектронтә ԥара", ахԥатәи ахаҿқәа рыфеидаразы апартниор-проваидерцәа ашәарақәа рыдкылара азинҟаҵара, иара убасгьы Аԥсны абанк акредиттә еиҿкаарақәа рыфеидаразы апартниор-проваидерцәа ашәарақәа рыдкылара аԥҟара аҭышәныртәалара.
Ажәабжьқәа зегьы
0