Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсны акардиологиатә маҵзура аудит мҩаԥыргоит

© РИА Новости . Евгений СамаринКардиология
Кардиология  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Москва иҟазаара шымҩаԥысыз.
АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсны акардиологиатә маҵзура атехникеи акадртәи лшарақәа раудит мҩаԥыргоит. Абри атәы аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәии аԥснытәии амедусзуҩцәа агәыхь змоу ацхыраара рыҭаразы амаршрутизациа шьақәдыргылоит.
Едуард Быҭәба иусутә ныҟәараан диԥылеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенко.
Александр Анқәаб Едуард Быҭәба инапы ианиҵеит урыстәылатәи иколлегацәеи иареи рзанааҭтә еимадарақәа ирӷәӷәаларц, агәабзиарахьчара аусхк аҟны русеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа дрықәныҟәаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0