Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҵәыџьба 2022 шықәса рзы амандарин аҽаҩреи уи ахаҭабзиареи ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҵәыџьба 2022 шықәса рзы амандарин аҽаҩреи уи ахаҭабзиареи иазкны
Анапаҵаҩра
Сынтәа амандарин аҽаҩра зеиԥшрои, аҭаара ианбалаго, насгьы аҭиразы иҟоума ауадаҩрақәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҟны иҟоу анаплакы "Софиа" аиҳабы Витали Ҵәыџьба.
Ақыҭанхамҩа аминистрра сынтәатәи асезон азы амандарина, алимон, апатырқал 52 тонна инеиҳаны иҟалап ҳәа иазыԥшуп.
Сынтәала ҳҽаҩра даара бзиаоуп, уи ҳгәалаҟазаара шьҭнахуеит иҳәеит арадиоефир аҿы Ҵәыџьба.
"Ҵыԥх иҭаҳгалаз маҷхеит, аха сынтәа 500-600 тонна ҳақәгәыӷуеит. Амандарина ахаҭабзиара бзиоуп, аусзуҩцәа ҳадҵаалара иаҿуп, еиҳарак аҭыԥантәиқәа, Очамчыра, Гал, Гәылрыԥшь уҳәа араионқәа рҟынтә", - иҳәеит анаплакы "Софиа" аиҳабы.
Витали Ҵәыџьба иажәақәа рыла, амшцәгьақәа иҟаз ирыхҟьаны, амандарина макьана ииаҵәоуп, аха амза 16-18 шыҟоу аҿыхра иалагарц ргәы иҭоуп.
"Есышықәса амандарин нап адкыла иҳамоуп. Ҵыԥх аҵлақәа рыԥсы ршьеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Амандарин зҭаху асра иаҿуп, ҳаалыҵ иазыԥшуп. Аҭира ҳазыхиоуп. Амшқәа ҟалар, Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рҟынӡа зегьы ҿаҳхыр ауп, нас уамак ирҭахӡам", - иҳәеит Витали Ҵәыџьба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0