Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит Жәлар рсахьаҭыхыҩ Адлеиба ицәыргақәҵа шеиҿкаахо атәы

Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит Жәлар рсахьаҭыхыҩ Адлеиба ицәыргақәҵа шеиҿкаахо атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аскульптор, асахьаҭыхыҩ Амиран Адлеиба ицәыргақәҵа иаҭаауа ирбар ирылшо, иара убасгьы ари ашықәс азы иарбан цәыргақәҵақәоу иҵегьы иазгәаҭоу ртәы.
Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхыҩ, аскульптор Амиран Адлеиба ицәыргақәҵа аатуеит абҵара 14 асааҭ 13:00 рзы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал аҿы. Ари ауснагӡатә Амиран Адлеиба ииубилеи инақәыршәан еиҿкаауп, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз иусумҭақәа рыла еиқәыршәоуп.
Аекспозициа ҩ-залк рҿы иаарԥшхоит аҟаза аус здиулоз аҿыхынҵеи аскульптуреи ахырхарҭақәа рыла лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Арсалиаԥҳа.
"Сгәаанагарала, Амиран Сардион-иԥа иҟазараҿы ихаданы иҟоуп аҭоурых, ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы ахҭыс хадақәа ртема. Аекспозициа ахырхарҭақәа, атемақәа рыла ибеиоуп. Иаҳҳәап, уаҟа иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә галереиаҟынтәи иусумҭақәа, иаагозар, иаб ипатреҭ, егьырҭ апатреҭқәа. Иҟоуп алирикатә, аромантизм зҵоу, академизм иазааигәоу аԥхәыс лхаҿсахьа, аԥҳәызба лыԥшӡара иазку аскульптурақәагьы ыҟоуп, аха ихадоу теманы, гәыцәс иҟоуп аҭоурыхтә темақәа", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0