00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акциа "Агәыҳалалра Амш" мҩаԥысит

© SputnikУрок добра
Урок добра - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акциа "Агәыҳалалра Амш" мҩаԥнагоит 2014 шықәса раахыс.
АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акциа "Агәыҳалалра Амш" мҩаԥысит абҵара 13 рзы.
Акциа мҩаԥган ахәыҷбаҳча "Гәында" аҿы. Ахәыҷқәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи ахәмаргақәеи аԥарақәеи еизыргеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рзы.
"Агәыԥқәа рҿы ааӡаҩцәа агәыҳалалра иазку аурокқәа мҩаԥыргеит. Ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит уи аҵакы. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟагьы асеиԥш иҟоу аурокқәа мҩаԥгалатәуп ҳәа. Уи ахәыҷқәа азнархәыцуеит", - лҳәеит аметодист Мадина Кәыҵниаԥҳа.
Аурокқәа раан ахәыҷқәа ргәаанагарақәа рҳәеит агәыҳалалра шеилыркаауа азы. Дара ишырҳәо ала, арахь иаҵанакуеит – абзиабара, ан, анду лыцхраара, аиҳабы изыӡырыҩра, аҳәатәхаҵара.
"Ааигәа санду лусураҿы ашәҭқәа аӡы рыҵасҭәон. Сан слыцхраалоит. Сан афатә ҟаҵашьа лдыруеит. Сара макьаназ мап, аха саҳәшьа ачамчамытақәа лӡуеит. Санду лнапқәа ҟәымшәышәуп, бзиа дызбоит", - ҳәа иҳәоит хышықәса зхыҵуа Тамерлан, иарбан гәыҳалалроу иҟауҵахьоу ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.
Аҟәатәи ахԥатәи ашкол аҿы аҵаҩцәа имҩаԥыргеит ахаамыхаа аиармарка. Илхыз аԥарақәа зегьы афонд "Ашана" иазынашьҭын. Аԥшьбатәи акласс аҿы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аволонтиор Лиана Векуаԥҳа имҩаԥылгеит "Агәыҳалалра Амш". Аҵаҩцәа ирзеиҭалҳәеит афонд аусура, аныҳәа аҭоурых, зылшара ԥку рзинқәа уҳәа ртәы.
"Еицырдыруа ауаа ҿырԥшыс иаагон. Ахәыҷқәа активла ацәажәара иалахәын. Иахьатәи аурок агәахәара ҳнаҭеит. Ахәыҷқәеи ҳареи ҳаимабзианы ҳаиԥырҵит", - лҳәоит лара.
Адунеизегьтәи Агәыҳалалра Амш азгәарҭоит абҵара 13 рзы. 1998 шықәса абри амш аҽны Токио иаатит агәыҳалалраз Адунеизегьтәи аиҿкаара аконференциа.
Ажәабжьқәа зегьы
0