00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аԥҳазоу апоет, апрозаик Алықьса Лашәриа изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аԥҳазоу апоет, апрозаик Алықьса Лашәриа изкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет, апрозаик Алықьса Лашәриа диижьҭеи иахьа 95 шықәса ҵит. Арадио Sputnik аефир аҟны уи ирҿиаратә ҭынха, амилаҭтә культура, асахьаркыратә литература, ауаажәларратә ус аҟны илагала далацәажәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
"Алықьса Едгьы-иԥа Лашәриа ихьӡ аԥсуа милаҭтә культураҟны, алитератураҿы хашҭра ақәны иҟаӡам. Иара қәра дук нымҵыкәа дзыхьӡаз даара ирацәоуп. Аҭҵааҩцәеи ашәҟәыҩҩцәа дуқәа излазгәарҭаз ала- Алықьса Лашәриа абаҩхатәра злаз поетын аԥхьа инаргыланы, апрозатә ҩымҭақәа шимазгьы. Иара иҩызцәа дызларылукаауа рацәан- иҩышьа аформа, иҟазшьа, иҩымҭақәа ирыҵоу аритм, даараӡа игәыларшәан ипоезиа. Иара ихатә хаҿра иманы алитература дналагылеит", - иҳәеит Аԥҳазоу.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аԥсуа поет, апрозаик, Асовет Еидгылеи Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла Алықьса Лашәриа диит 1927 шықәса абҵарамза 15 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Дышхәыҷыз иани иаби иҧхеит, ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 14-15 шықәса анихыҵуаз.
1946 шықәсазы Алықьса Лашәриа далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум, иара убри ашықәсан дҭалеит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. 1954 шықәсазы Горки ихьӡ зху Алитературатә институт Москва далганы Аҧсныҟа дхынҳәит, аусурагьы далагеит агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" аредакциаҿы. Шықәсык анаҩс ҿыц аҭыҵра иалагаз ажурнал "Алашара" аредакциахь диасит, аха хара имгакәа диаргеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа амаӡаныҟәгаҩыс. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан аус иуан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа алитературатә хәҭа аиҳабыс.
Алықьса Лашәриа аԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1944 шықәсазы Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иҭнажьуаз алитературатә "Альманах", иара убас агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" аҟны. Иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи еидызкыло жәохә рҟынӡа ашәҟәқәа авторс дрымоуп, урысшәалеи қырҭшәалеи иҭыжьу убрахь иналаҵаны. Иҩит иара убас апиесақәа ҩба: "Гәыкала абзиабара", "Ахаҧыц хьаа". Рыҩбагьы ықәыргылан С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Иҭынхеит даҽа ҩ-повестк: "Ҳаџьараҭ" (аибашьра ашьҭахьтәи аҧсуа қыҭа аҧсҭазаареи, иахнагаз ауадаҩрақәеи ирызкны), "Ашәахәақәа" (ақыҭа интеллигенциа ирызку).
Алықьса Лашәриа аԥсшәахь еиҭеигеит В.Маиаковски, иара убас егьырҭ апоетцәа раԥҵамҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0