Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны аҩбатәи ахшара ииразы ашәарақәа рыҭара азгәаҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание ГК по репатриации. г.Сухум.
Здание ГК по репатриации. г.Сухум. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд абиуџьет сынтәи 209 миллион мааҭ иҟоуп, ҽааны иазгәаҭоуп - 239 миллион.
АҞӘА, абҵара 16- Sputnik. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд анапхгаҩы Енвер Чамагәуа арадио Sputnik аҟны иҳәеит аҩбатәи ахәыҷы ииразы аԥарашәара шазгәаҭоу.
Чамагәуа иҳәеит аԥсуа милаҭ еиуоу аҭаацәарақәа ахԥатәии анаҩстәии ахшара изы иахьазы зныктәи ашәара ҳәа 100 нызқь мааҭ шроуа.
"Иааиуа ашықәс инаркны аҩбатәи ахәыҷы изы 50 нызқьмааҭ знык ишәахоит. Аԥшьбатәии анаҩстәии ахшара рзы жәымз рҟынӡа есымза 10-10 нызқьмааҭ ршәалоит", - иҳәеит иара.
Чамагәуа иҳәеит ари раԥхьатәи ашьаҿақәа ишреиуоу, иҳәеит адемографиа аизырҳаразы ихәарҭахап ҳәа дшахәаԥшуа.
Афонд аԥсуа ҭаацәаарқәа зегьы ацхыраара рнаҭоит ахәыҷы дахьизаалакгьы, Аԥсны акәу анҭыҵ акәу.
Ацхыраара зҭатәхо рхыԥхьаӡара ацлара иазхәыцны анализ мҩаԥганы аԥхьаҟатәи ашьаҿақәа ҟаҵахоит, иаҳҳәозар, афинанстә цхыраара зҭахо аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара еизырҳазар, иҳәеит Енвер Чамагәуа.
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Аԥсны
Аԥсны ахәыҷы ииразы зныктәи ашәарақәа ирыцырҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0