Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бениа аҽырыҩра Аԥсны Ачемпионат азы: ҳгәы иалоуп абжьыуаа ркомандақәа ахьыҟамло

Бениа аҽырыҩразы Аԥсны Ачемпионат азы: ҳгәы иалоуп абжьыуаа ркомандақәа ахьыҟамло
Анапаҵаҩра
Аҽыбӷаҟазараз афедерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҽырыҩразы Аԥсны сынтәатәи Ачемпионат аҷыдарақәа ртәы.
Бзыԥ ақыҭан абҵара 19 рзы аҽырыҩраз ачемпионат мҩаԥгахоит.
Аицлабрақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥгахоит 1400, 1600, 2000 метра аҽқәа реиԥхныҩлара, СССР аспорт азҟазацәа Оҭар Ҷанба, Авксенти Ҭарба, Алықьса Лакрба, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Харлам Симониа рыхраҿақәа ргаразы.
Иара убасгьы аҽырыҩра алахәылацәа имҩаԥыргоит аҽырхәмарра, аҽымпылхәмарра, аҵәеигәыдҵа.
"Аҽыраҩрақәа иахьа зыԥсы ҭаны иҳамоу абыргцәа ирызкуп. Аицлабра рҽаладырхәуеит Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа. Ҳгәы иалоуп х-командак ахьыҟамлаз, абжьыуаа ркомандақәа. Ахәмаррақәа рҿы ҩ-командак роуп еиԥыло. Егьырҭ аҽыраҩрақәа рахь изҭаху днеиуеит. Аҿари аспорти рзы аилак аҟынтә 800 нызықь мааҭ азоужьуп аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкыло рзы. Аицлабра ахкқәа зегьы рҿы адипломқәа, ахраҿақәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахоит", - иҳәеит Бениа арадиоефир аҿы.
Избан абжьыуаа акомандақәа Ачемпионат аҿы изыҟамло азҵаара аҭак ҟаҵо Бениа иҳәеит, Мықә имҩаԥгаз аҽырыҩрақәа рышьҭахь аҽеидкылара шырцәыцәгьахаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0