Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аруаа украинатәи арратә напхгараҭарҭақәа ааха рырҭеит

© Sputnik / Сергей Батурин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТанкисты оперативно-боевого тактического формирования ДНР
Танкисты оперативно-боевого тактического формирования ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2022
Анапаҵаҩра
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп 333 ҳаирплан, 177 вертолиот, 2 522 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 388 зенит-ракетатә комплекс, 6689 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 895 ареактив-систематә машьынақәа.
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Урыстәыла арратә мчрақәа украинатәи арратә напхгараҭарҭақәа аԥшьашаҽны ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Аԥшьаша, абҵара 17 рзы Урыстәыла арратә мчрақәа украинатәи арратә напхгараҭарҭақәа ааха рырҭеит, ахара икылкаан ихысуа абџьар ала Украина атәылахьчара-ааглыхратә комплекси уи иадҳәалоу абылтәы-енергетикатә инфраструктуреи акыр рҟәаҟәеит. Ажәылара ахықәкқәа нагӡоуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аракетақәа зегьы иазгәаҭан иҟаз аргыларақәа ираахеит.
"Ааха рыҭоуп аракетатә бџьар аҭыжьырҭақәеи мраҭашәарантәи иааго абџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа. Еиԥырҟьоуп УАМ арезерви аибашьра аҭыԥқәа рахь инаргаран иҟаз аҳәаанырцәтәи абџьари", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 333 ҳаирплан, 177 вертолиот, 2 522 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 388 зенит-ракетатә комплекс, 6689 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 895 ареактив-систематә машьынақәа, 3 595 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 7266 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0