Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Имшала ауаҩы дҭахеит ҳәа агәҩара ззыҟоу Аԥсны аихамҩа аусзуҩ иганахьала ашьаус хацыркуп

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2022
Анапаҵаҩра
Ашьаус хацыркуп агәҽанымзаара иахҟьаны ауаҩы иԥсра зыхҟьаз аџьа ахьчара аԥҟарақәа реилагара афакт азы "Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 140 ахәҭа 2).
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. "Аԥсны аихамҩа" аимадаратә ҳа афымца аҟәша абригада аиҳабы Реваз Ҳараниа иганахьала ашьаус хацыркуп Алхас Царгәыш иҭахара афакт азы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.
Аус аматериалқәа рыла, мшаԥы 27 2022 шықәса рзы "Аԥсны аихамҩа" афымцеиқәыршәаҩцәа рбригада игәарҭон Алада Ешыра ақыҭан иҟоу атоннель №16 аҿы аимадаратә ҳа, ирыԥсахраны иҟан "Афон ҿыц - Ешыра" рыбжьара ацәаҳәақәа.
Ҳараниа инапы ианын аусура ашәарҭадара ахылаԥшра, аусбарҭа адыррақәа рыла, иара афымцеиҿкааҩцәа Гари Возбеи Алхас Царгәыши дырхыламԥшӡеит, иҷыдоу амаҭәа, аимаа, ахьчагатә, аусуратә хархәагақәа риимҭаӡеит.
Уи адагьы, апрокуратура хада ишаанацҳауа ала, Ҳараниа, агәхьаа мкыкәа, ашәарҭадара аԥҟарақәа дрықәымныҟәаӡеит, аусура аҭыԥ аҿы аимадаратә ҳаҿы ишьақәимыргылаӡеит адгьылтә хьчагақәа, абжьгарақәа римҭаӡеит, ахьчагақәа шимамызгьы, Царгәыш афымцацәаҳәақәа иԥсахразы аусура далаиргеит.
Алхас Царгәыш аусура дшаҿыз машәыршақә афымцалашара аҿаркын, 3 300 вольт иҟаз амчхара змамз аток исын, аҭыԥ аҟны дашьит.
Ашьаусԥшаара иацырҵоит, Аԥсны Апрокуратура хада иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа ирҿуп иҟалаз шыҟалаз ашьақәыргыларазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0