Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷба Урыстәыла иҭыжьу арҵагашәҟәқәа аԥсуа школқәа рызшаразы: иақәгәыӷуа маҷҩым, иазыԥшуп

Амҷба Урыстәыла иҭыжьу арҵагашәҟәқәа аԥсуа школқәа рызшаразы: иақәгәыӷуа маҷҩым, иазыԥшуп
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Амҷба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит 10-11-тәи аклассқәа рзы арҵагашәҟәқәа ршара аус ахьынӡанагоу, арҵаҩцәа апрограмма аиқәыршәараҿы ауадаҩрақәас ирызцәырнаго.
Вахтанг Амҷба иҳәеит иҳаҩсыз амчыбжь азы 10-11-тәи аклассқәа рзы араион ашколқәа зегьы ирызхаша ашәҟәқәа шрыҭаз. Иааидкыланы - 4 284 цыра ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
"Ашәҟәқәа амҳәырқәа раархан, аҭирахь инанамгарцаз. Аҭакԥхықәра ашколқәа рнапхгаҩцәеи абиблиотека аусзуҩцәеи ирыдуп. Уажәшьҭа ишаны ахәыҷқәа ирырҭоит", - ҳәа азгәаиҭеит Амҷба.
Убри аан иара иҳәеит, арҵагашәҟәқәа раԥхьатәи ахәҭа анроу ашьҭахь арҵаҩцәа рзы асеминарқәа шымҩаԥгаз, ироуаз ашәҟәқәеи ирымаз апрограммеи иахьеиқәымшәоз аҟнытә. Маҭәарцыԥхьаӡа еилдыргеит. Уажәгьы арҵаҩцәа амаҭәар рызнагараҿы уадаҩрак ҟалар, иҳамоу аметодикатә хеидкылақәа алархәны атема еилдыргоит", - ҳәа азгәаиҭеит иара.
Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит аҵаҩцәеи урҭ рҭаацәеи ашәҟәқәа ишрызԥшыз, акласс аҿы ирымаз акык-ҩбак арҵагақәа ишеимырдоз. Иҟаз ауадаҩра баны арҵаҩцәагьы уи иацныҟәон ҳәа азгәаиҭеит Амҷба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0