Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Логәуа аҟазараҿы иҭҵаарақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Логәуа
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ, аҿыханҵаҩ, ААУ аҟазаратә факультет адекан Нугәзар Логәуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа. Арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иара еиҭеиҳәеит асахьаҭыхра дшалагаз, иусумҭақәа ртематика ахьынтәааиго, насгьы иҭыхымҭақәа аҳәаанырцә рцара шыҟалаз атәы.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп аҵыхәтәантәи жәашықәса аус здызулоз иреиӷьу ҳәа сгәы иаанаго аусумҭақәа ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Логәуа.
"Асахьақәа раԥхьаӡа акәны иӡыргахоит, акык-ҩбак рыда. Аҵыхәтәантәи жәашықәса концепциала аус зуан. Уи иҭагӡаны иҟасҵаз ауп ахәаԥшҩы идгалахогьы. Аусумҭақәа аԥсҭазаараҿы ҳзынҟьо ҳзынио философиала сазнеиуеит. Асахьаҭыхыҩцәа дуқәа иаанрыжьыз атрадициақәа са стәала анализ азуны, даҽа синтезк алхра амҩа сануп. Ицәгьамкәа иахьалҵызгьы ыҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уи алагьы аинтерес аҵоуп ацәыргақәҵа", - ҳәа иҳәеит Логәуа.
Аҟаза еиҭеиҳәеит асахьаҭыхра дшалагаз, иазгәаиҭеит иизааигәоу ауаа уи игәы шазҭарҵоз.
Нугәзар Логәуа иара убасгьы дазааҭгылеит иусумҭақәа аҳәаанырцәҟа рцара атәы.
"Англиа иҟоуп аа-усумҭак, аколлекциорнерцәа рнапаҟны. Асахьақәа 2000 шықәсазы уа имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа иалахәын. Америкаҟа, Иапониаҟа ицазгьы иҟоуп. Аԥснытәи аколлекционерцәагьы иаархәахьоу маҷым", - ҳәа иҳәеит Логәуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0