Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҟәысба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аԥсуаа ирныԥшу ԥырхага рнамҭу

Аҟәысба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аԥсуаа ирныԥшу ԥырхага рнамҭу
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҿы иахьа ашьыжь адгьылҵысра ҟалеит. Аԥсуаа рацәаны иахьынхо адгьылҵакыраҟны ааха аӡәыр иоума, аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Аҭанур Аҟәысба.
Ҭырқәтәылатәи ақалақь Диузџье аҿы змагнитуда 6,0 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит, ҳәа аанацҳаит Европа-Амшынбжьаратә сеисмологиатә центр (EMSC). Адгьылҵысра азгәаҭан адунеизегьтә аамҭала 01:08 сааҭ рзы (04:08 мск). Адгьылҵысра ахыҵхырҭа Диузџье ақалақь 14 километра иацәыхаран.
Ааха зауз рхыԥхьаӡара 35-ҩык рҟынӡа ыҟоуп иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Фахреттин Коџьа. Иара иҳәеит 32-ҩык ақалақь Диузџье ишатәу, егьырҭ Сҭампыл, Болу, Зонгулдаке ишатәу. Заанаҵтәи адыррақәа рыла ԥсыҭбара ҟамлеит. Арегион аҟны аҵаратә усҳәарҭақәа русура аанкылоуп.
"Сҭампыл итәоу соуп, аха Диузџье сеиуоуп, ҳауа-ҳҭахы зегьы уа иҟоуп. Шьыжьымҭан асааҭ 6 рзы еиԥш Сҭампылгьы иӷәӷәаны иҵасит, ацәа ҳалнахыртә еиԥш. Диузџье иаҵанакуа араионқәа аԥсуаа ахьынхо ҳқыҭақәа иреиуоу Ефҭениа ишыҟалаз ( адгьылҵысра) еилаҳкааит. Иҭахаз аӡҿгьы дыҟаӡам, аҩны иаҵахазгьы ыҟаӡам, аха анхарҭақәа ԥхасҭанатәит. Урҭгьы ажәытә ҩнқәа роуп. Ишыжәдыруа еиԥш, Диузџье ҩажәа шықәса раԥхьагьы адгьылҵысра ахнагеит. Уи ашьҭахь иргылаз аҩнқәа зегьы ӷәӷәоуп. Аҩны ажәытәқәа рҟны аҭӡамцқәа иҷҷақәаз, икаҳақәаз ыҟоуп, аҩнымаҭәа ахьеилаҳаз ыҟоуп. Убарҭ ирыҵаханы ихәыз 37-ҩык Диузџье, нас ааигәа иҟоу ақалақьқәа рҿы Сақариа, Адаԥазар, Болу уахьгьы ихәны ишыҟақәоу ателехәаԥшрала иаҳдырдыруеит. Ҳажәлар ԥырхага рымаӡам", - иҳәеит Аҟәысба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0