Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ауаа: Аркади Џьопуа аҭоурыхдырыҩ Таҷ Гыцба изкны

Аԥсны еицырдыруа ауаа: Џьопуа Таҷ Гыцба изкны
Анапаҵаҩра
90 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҭоурыхдырыҩ, атәылаҿацә ҭҵааҩы Таҷ Гыцба. Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥараҿы илагалеи, ҳтәыла ашьхатә ҭыԥқәа рыхьыӡқәа реиҭашьақәыргылараҿы иусуреи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Џьопуа аиҿцәажәараҿы иазгәеиҭеит, Таҷ Гыцба ҳтәыла аҿиараҿы иџьабаа ахьадым ахырхарҭа шыҟам. Уи далахәын еицырдыруа 130-ҩык рышәҟәы аиқәыршәара, хаҭала Москва агарагьы иџьабаа адуп ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
"Аԥхьагылара иара илан, уаҩышьалеи деиҿкаан, маӡалатәи аус аҿы узықәгәыӷуаз уаҩын. Амилаҭтә гәыԥтә ҵысрақәа зегьы дрылахәын", - иҳәеит Џьопуа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы игәалаиршәеит Таҷ Гыцбеи иареи злахәыз аекспедициа атәы.
"Таҷ шьапыла дахьахымсыц шьхеи халарҭаки ыҟам. Ашьханыҟәаҩцәа, адырыҩцәа, ахьшьцәа дрыҿцәажәаны, аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа шьақәиргылеит, уи ала ашәҟәгьы ҭижьит. 80-тәи ашықәсқәа рзы аекспедициа анҳамаз, сыблала избеит аҭҵаарақәа ирыцыз аџьабаа, ашьха ихыҵны Аҩадатәи Кавказ аҭыԥқәа ҭҵаауа иныҟәон аҵарауаа Таҷ Гыцба дызлахәыз. Аҵыхәтәантәи аамҭаз иҭижьхьаз ашәҟәы – "Аԥсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьхацамҩақәеи" ҳәа зыхьӡыз аурысшәахь еиҭаганы иҵегьы инарҭбааны аиқәыршәара даҿын", - еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0