https://sputnik-abkhazia.info/20221124/gdoua-aymangagat-tsaaa-shareit-ainvestprogramma-inayrshany--1042776261.html
Гәдоуҭа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭарҵеит Аинвестпрограмма инақәыршәаны
Гәдоуҭа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭарҵеит Аинвестпрограмма инақәыршәаны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭарҵеит "2021-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә... 24.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-24T10:36+0300
2022-11-24T10:36+0300
2022-11-24T10:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
гәдоуҭа араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102611/07/1026110729_0:320:3072:2048_1920x0_80_0_0_01410701592d3064edb901e6da1d3151.jpg
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭарҵеит "2021-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа" инақәыршәаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба. Иара иҳәеит апроектла ишазгәаҭаз ацәаҳәақәа 10 километрак рҟынӡа рышьҭаҵара, аха уажәазы 12 километра шьҭаҵоуп, аусурақәа 51 миллион мааҭ ақәхарџьуп, планла 59 млн мааҭ шарбазгьы.Тәанба иажәақәа рыла иаанхаз аԥарақәа рыла Гәдоуҭа ақалақь аҟны ажәытә цәаҳәақәа 1800 метра ԥсаххоит ҳәа.Тәанба иажәақәа рыла аԥарақәа рекономиа алыршахеит атрубақәа рҭыжьразы гәдоуҭатәи азауад аус ацуреи урыстәылатәи аилахәырақәа лаӡарыла аус рыцуреи инарыдҳәаланы. Иара иҳәеит Аинвестпрограмма аҩбатәи аетап ала иазыԥхьагәаҭоуп ақыҭақәа Абӷархықә, Жәандәрыԥшь, Мгәыӡырхәа ӡыла реиқәыршәара ҳәа. Абӷархықә аӡымҩангага 12 километра ишьҭарҵараны иҟан, аха 27 километра шьҭаҵахеит. Иахшәаауп 32, 5 миллион мааҭ. 27 рҟынтәи 2 километрак ареспубликатә биуџьет ала имҩангоуп. Жәандәрыԥшь иазгәаҭан 7,4 километра – ишьҭаҵоуп ҩынтәны еиҳаны. Иахьазы аӡы неиуеит 35 ҩнаҭа рахь, даҽа 285 ҭаацәара аусурақәа ахԥатәи ретап иазыԥшуп. Инагӡо аусурақәа ирықәхарџьуп 43 миллион мааҭ. Мгәыӡырхәа ақыҭаҿ 35 миллион мааҭ ахҭынҵаны 14-и километра аӡымҩангагақәа шьҭаҵоуп. 80% ауааԥсыра рыҩнаҭақәа ӡыла еиқәыршәоуп. 2023 шықәсазы аҽа 15 миллион мааҭ рыхә 7 километрак атрубақәа шьҭаҵахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20221028/gagra-yla-aiyrshara-aproblema-bakhoit-2025-shysazy-1042284252.html
гәдоуҭа араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102611/07/1026110729_341:0:3072:2048_1920x0_80_0_0_7af81f6fdff03464e7e85f3af001b7fb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
ажәабжьқәа, гәдоуҭа араион
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭарҵеит "2021-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа" инақәыршәаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Иара иҳәеит апроектла ишазгәаҭаз ацәаҳәақәа 10 километрак рҟынӡа рышьҭаҵара, аха уажәазы 12 километра шьҭаҵоуп, аусурақәа 51 миллион мааҭ ақәхарџьуп, планла 59 млн мааҭ шарбазгьы.
Тәанба иажәақәа рыла иаанхаз аԥарақәа рыла Гәдоуҭа ақалақь аҟны ажәытә цәаҳәақәа 1800 метра ԥсаххоит ҳәа.
Иахьазы ари апроект Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра иҭнаҵаауеит. Ақалақь аҿы уажәшьҭарнахыс уаанӡеиԥш аӡы аиура еиԥымҟьароуп", иҳәеит Тәанба.
Тәанба иажәақәа рыла аԥарақәа рекономиа алыршахеит атрубақәа рҭыжьразы гәдоуҭатәи азауад аус ацуреи урыстәылатәи аилахәырақәа лаӡарыла аус рыцуреи инарыдҳәаланы.
Иара иҳәеит Аинвестпрограмма аҩбатәи аетап ала иазыԥхьагәаҭоуп ақыҭақәа Абӷархықә, Жәандәрыԥшь, Мгәыӡырхәа ӡыла реиқәыршәара ҳәа.
Абӷархықә аӡымҩангага 12 километра ишьҭарҵараны иҟан, аха 27 километра шьҭаҵахеит. Иахшәаауп 32, 5 миллион мааҭ. 27 рҟынтәи 2 километрак ареспубликатә биуџьет ала имҩангоуп.
"Уи адагьы зыҩныҟақәа аӡы зызнамгоз ауааԥсыра 9 километрак атрубақәа ҳамҭас ирыҭан", - еиҭеиҳәеит Тәанба.
Жәандәрыԥшь иазгәаҭан 7,4 километра – ишьҭаҵоуп ҩынтәны еиҳаны. Иахьазы аӡы неиуеит 35 ҩнаҭа рахь, даҽа 285 ҭаацәара аусурақәа ахԥатәи ретап иазыԥшуп. Инагӡо аусурақәа ирықәхарџьуп 43 миллион мааҭ.
Мгәыӡырхәа ақыҭаҿ 35 миллион мааҭ ахҭынҵаны 14-и километра аӡымҩангагақәа шьҭаҵоуп. 80% ауааԥсыра рыҩнаҭақәа ӡыла еиқәыршәоуп. 2023 шықәсазы аҽа 15 миллион мааҭ рыхә 7 километрак атрубақәа шьҭаҵахоит.