Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аџьынџьал Тҟәарчал ақыҭанхамҩа аҿиаразы: адгьылқәа абна иаганы инҳажьырц ҳгәы иҭаӡам

Аџьынџьал Тҟәарчал ақыҭанхамҩа аҿиаразы: адгьылқәа абна иаганы инҳажьырц ҳгәы иҭаӡам
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩатә проектқәа 3 рыҿиаразы 6 млн мааҭ аԥара азоунажьит. Тҟәарчал араион ахадара ақыҭанхмҩа аҟәша аиҳабы Амиран Аџьынџьал арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәатәи апроектқәа ззырхоу, урҭ ахьынӡанагоу, насгьы, ҳтәылаз иҿыцу акультурақәа арион иахьынӡанаало.
Сынтәатәи ашықәс азы русура хацыркын х-проект, ҩба ацитрус иадҳәалоуп, егьи – аголубика аарыхра ҳәа адырра ҟаиҵеит Аџьынџьал.
"Кохора ҳәа иахьашьҭоу асовнхараҿы, уаанӡа ацитрус ахьыраӡоз уажәы аголубика аарыхра иалагеит. Анаплакыҩцәа ргәы иҭоуп 70 гектар рҟынӡа рус ацҵара, есышықәса иаҳа-иаҳа иацҵо иаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аџьынџьал.
2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аминистрра адгылара знаҭаз апроектқәа рганахьала 16 миллион мааҭ аԥара азоужьын, усҟан 7-ҩык рыпроектқәа аиааира ргеит ҳәа иҳәеит Аџьынџьал.
"Ақыҭанхамҩа иазырхоу 19 нызықь гектар рҟынтә 9 гектарк аанхоит аус адуламкәа. Урҭ абна иаганы инҳажьырц ҳгәы иҭаӡам. Аус зурц згәы иҭоу ираҳҭоит. Уаанӡа араса культурак аҳасабала иаҳа аҿиара амазҭгьы, иахьа даҽа культура ҿыцқәак цәырҵуеит. Азнеишьа ҿыцқәа ԥшаалатәуп, аџьармыкьаҿы ирго ауп изхьаԥштәугьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аџьынџьал.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0