Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа мультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" англыз бызшәахьы еиҭагоуп

© Фото : Астамур КвицинияРабота Астамура Квициния.
Работа Астамура Квициния. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа лакәқәа рышьаҭала иаԥҵоу амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" 2020 шықәсазы иҭыҵит.
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аԥсуа мультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" англыз бызшәахьы еиҭагоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит амультфильм автор Асҭамыр Кәыҵниа.

"Амультфиль анҭыҵ инаркны, уи афинанстә цхыраара азҭаз Мзауҷ Ԥлиеи сареи иаҳҳәеит -аурыс, аҭырқәа, англыз бызшәақәа рахь ииагазар шыбзиахоз. Сымацара ари ахықәкы анагӡара сылымшеит, усҟантәи аамҭазы даҽа проектгьы саҿын. Ари ашықәсан ҳидеиа адгылара анаҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, дара рымчала аамзы рыҩнуҵҟа амультфильм англыз бызшәахьы еиҭаган", - иҳәеит Кәыҵниа.

Аиҭагара иалахәын АААК аусзуҩцәа жәаҩык, англыз бызшәа аспециалистцәа, Асҭамыр Кәыҵниа. Адублиаж ҭарҩит амузыкант Анри Гәымба истудиаҿы. Афырхаҵа хада – Абраскьыл абжьы ихеиҵеит Каили Синг.
"Аусумҭа абырцкал икылхуп. Ҳаракыла еиҭагоуп атекст, абыжьқәеи ашьҭыбжьқәеи ирышьклаԥшуп. Аиашазы, аԥсышәала еибыуҳәо аҵакы, аиумор аиҭагара уадаҩуп, аха аус адызулоз акырӡа еизааигәаны иҟарҵеит", - иҳәеит иара.
Ашәаҳәаҩ, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа Абрыскьыл ифырхаҵара захьӡу амультфильм аҭыхра даҿуп. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2019
"Супермен" духазыршҭуа: Абраскьыл акомикс аҟынтә амультфильмнӡа анаӡара шилшаз
Кәыҵниа иажәақәа рыла, аԥара азымхара иахҟьаны аԥсуа лакәқәа рфырхаҵа Абраскьыл аус адулара аанкылахоит. 15 минуҭ иҟоу амультфильм ҩышықәса аус адиулон, уи иақәхарџьын млн мааҭ рҟынӡа. Арахь иаҵанакуеит актиорцәа рыбжьы аҭаҩразы аԥаразшәара, амузыка аԥҵара, амультик аԥҵаразы еиуеиԥшым апрограммақәа раахәара. Кәыҵниа иҳәеит аҳәынҭқарра адгылареи ма аспонсорцәеи рыда аиԥш зеиԥшу апроектқәа рынагӡара шыуадаҩу.
Иахьазы Кәыҵниа даҽа проектк даҿуп. Амультфильм "Кәтаӷьцәа хылԥа" аҭыжьра игәы иҭоуп.
Астамур Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2020
Арадио
Кәыҵниа амультфильм "Кәтаӷьцәа хылԥа" азы: ахәыҷӡақәа рзы, аха адуцәагьы иргәаԥхоит
Ажәабжьқәа зегьы
0