Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гыцба еиҭеиҳәеит Аԥсны атәылауаа авизақәа рыҭахом ҳәа ЕЕ иаднакылаз аӡбамҭа шаҳныруа

© Sputnik / Леон Адлейба Инар Гицба
Инар Гицба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2022
Анапаҵаҩра
Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара Евроеидгыла мап ацәкра -аҭагылазаашьа ӷәӷәала ианыԥшуам ҳәа иԥхьаӡоит Жәлар реизара адепутат Инар Гыцба.
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2022
Аԥсны
ААР аҟны Аԥсны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ЕП мап рыцәкразы еичырчароуп рҳәеит
"Ҳгәалаҟазаара бжьнахит, аха ас еиԥш иҟоу аӡбамҭақәа Европа Аԥсны аганахьала ирыдыркылоижьҭеи акыр ҵуеит. Ишәгәаласыршәоит, 2008 шықәса раахыс Евроеидгыла еиуеиԥшым аԥкрақәа шалыргалоз, аха ари аҩыза ҟамлацызт. 2014 шықәсазы Ҟрым Урыстәыла ианадла ашьҭахьтәи рхымҩаԥгашьа иазыхынҳәит дара уажәы, аха сгәаанагарала, ҳара ҳзы аҭагылазаашьа уамак аҽаԥсахуам", - иҳәеит Гыцба.
Гыцба иажәақәа рыла, Қарҭ изныкымкәа ЕЕ ахь ааԥхьара ҟарҵахьан Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара ааныркыларц.
Адепутат иазгәеиҭеит, Евроеидгылара аӡбамҭа Ауаҩы изинқәеи рыхьчареи ихақәиҭреи Адекларациа 13 апункт шеиланаго. Европа атәылақәа ари азҵаара еилыхны иазнеиуеит, ҳәа иԥхьаӡоит адепутат, ЕАЕ иалам аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа авизақәеи атәылауаҩреи анрырҭо аҿырԥштәқәа ыҟоуп.
"Иаҳҳәозар Кипр, Косово. Аҿырԥштәқәа ыҟоуп. Ари азҵаара шьҭаҳхон Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны, аха иӡбамкәа иҟоуп", - иҳәеит Гыцба.
Жәлар реизара адепутат иазгәеиҭеит, ари аӡбамҭа актәи аетап иахысит, аха аҵыхәтәанынӡа ишьақәырӷәӷәам ҳәа, уи аҟнытә арҭ аԥкрақәа ҳтәылауаа ишырныԥшуа атәы аҳәара макьана заацәоуп.
Гыцба иажәақәа рыла, арҭ аԥкрақәа аполитикатә ҟазшьа ауп ирымоу, уи анаҩс даҽа ԥҟарақәак рыдыркылар урҭ мраҭашәаратәи аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәеи, Аԥсни Урыстәылеи рынҭаҵ амедицинатә цхыраара зҭаху ауааԥсыреи ирԥырхагахар алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0