Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара Пицундатәи апансионат "Литфонд" ақьыратә ҭагылазаашьа аԥсахит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2022
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара қьырала изгаз азин инаҭеит аобиект аҵакыраҿы абаӷәаза маҷ, аплиажтә корпус, аспорттә зал рықәгара.
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара абҵара 30 рызтәи аилатәараҟны Пицундатәи апансионат "Д. Гәлиа ихьӡ зху арҿиаратә ҩны" ("Литфонд") ақьыратә ҭагылазаашьа аԥсахит.
Аиҳабыра рыӡбамҭа инақәыршәаны, Аҳәынҭмазараз аилак ИАЕ "Ассоциация предприятий Минатом" аилаки рыбжьара аилаӡара аиҭакрақәа аланагалоит.
Аиҭакрақәа инарықәыршәаны қьырала игоу адгьылҭыԥ аҿы абаӷәаза маҷ, аплиажтә корпус, аспорттә зал рықәгара ҟалоит.
Иара убасгьы қьырала изгази, Акультура аминистрреи, Акапиталтә ргылара аусбарҭеи реиқәшаҳаҭрала иқәгоу аобиектқәа рҭыԥаҿ иргылахоит аплиажтә корпус, абаӷәаза маҷ, ахәышәтәырҭатә комплекс.
Ажәабжьқәа зегьы
0