Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Марколиа Адгәыр Инал-иԥа изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Марколиа Адгәыр Инал-иԥа изкны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ-афизик, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз Адгәыр Инал-иԥа иахьа иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан. Иара диит абҵара 30, 1952 шықәсазы иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа иҭаацәараҟны. Адгәыр иҩызцәа ргәалашәараҟны даанхеит ауаҩы иреиӷьӡоу иҟазшьақәа злаз аӡә иаҳасабала. Аԥсадгьыл ахьчараан дҭамхазҭгьы, иара еицырдыруа физикхон ҳәа агәра ганы иҟоуп иааигәаны дыздыруаз. Иара далахәын Марс амҩанызақәа ҩба рахьынтә акы - Фобос ашҟа аспутник адәықәҵара. Адгәыр Инал-иԥа дҵарауаҩын, атехникатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатын, убри аан ибзианы еилиргон алитература, амузыка, акино, дыхәмаруан афортепиано аҟны. Адгәыр дҭахеит Аҟәа ахақәиҭҭәразы имҩаԥгаз аҵыхәтәантәи ажәылараан Иашҭхәа акыҭан 1993 шықәса сентиабр 18 рзы. Иара ианашьоуп Леон иорден.
Аԥсуа интеллегент, аҵарауаҩ Адгәыр Инал-иԥа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Аҟәатәи афизика-техникатә институт аиҳабы Анатоли Марколиа.
"Иара имаз аҵареи ишьҭихуаз азҵаарақәеи рыла иахьа дҳамазҭгьы, дакадемикхон. Насгьы, адырра адагьы, иҟазшьала даарылукаартә дыҟан аԥсуаа. Анаука иаҳа ихы азцон, уи абызшәала ҳаицәажәон. Иара афизикагьы аматематикагьы даара ибзианы идыруан. Иҭахара даара ҳгәы иалоуп. Аҵарадырра иашьҭоу, аус знапы алаку рацәоуп, аха иҵаулаҵәҟьаны афизикеи аматематикеи рганахьала Аԥсны имаҷӡоуп аус зухьоу. Ииасыз ашәышықәсала уазхәыцуазар, аԥсуаа жәаҩыкгьы ҟалар, уаҳа ыҟам", - иҳәеит Марколиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0