Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Быҭәба ажәалагала ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистрра аҩнуҵаҟа аилазаара ҿыцқәа аԥҵазарц

© Sputnik / Томас Тхайцук Скорая помощь
Скорая помощь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2022
Анапаҵаҩра
Аилазаара ҿыцқәа аԥҵаразы аминистрра аусуҩцәа рыштаттә хыԥхьаӡара иацҵатәуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абҵара 30 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны ажәалагала ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистрра аҩнуҵаҟа аилазаара ҿыцқәа аԥҵазарц ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Зыӡбахә ҳәоу аусбарҭақәа иреиуоуп Аԥсны атәылауаа аҳәаанырцәтәи ахәшәтәырҭақәа рахь ирласны риагара еиҿызкаауа аоперативтә ҟәша, иара убасгьы амашәырцәгьақәа рмедицина амаҵзура.

Аминистр иазгәеиҭеит арҭ аусхкқәа рзы афинансқәа ԥшаахар аминистрра аусуҩцәа рсиатә ҟәша ишацҵатәхо. Иара убасгьы Едуард Быҭәба иҳәеит уажәазы аусбарҭа ацхыраара ласы амашьынақәа ралԥшаараз ауснагӡатәқәа шымҩаԥнаго.
Аиҳабыра рлахәылацәа арҭ азҵаарақәа актуалра рыманы иазырыԥхьаӡеит, иазгәарҭеит урҭ рынагӡаразы Афинансқәа рминистрра аԥарақәа шаԥшаауа.
Ажәабжьқәа зегьы
0