Лавров: НАТО аибашьра хьшәашәа иазыхынҳәит

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча С. Лаврова с выпускниками вузов, принятыми на работу в МИД
Встреча С. Лаврова с выпускниками вузов, принятыми на работу в МИД - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2022
Анапаҵаҩра
Европа ашәарҭадара Америка анапы ианнаҵеит, Урыстәыла ари аҩыза ашәарҭадара аҭахӡам ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. НАТО аибашьра хьшәашәа иазыхынҳәит, Урыстәыла Европа иаҟәыҭханы, Америка Европа иҟазар рҭахуп. Иахьа Европа зегьы Америка анапаҵаҟа иҟоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров.

"Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит НАТО шаԥырҵаз. Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Исмеи иазирхиеит аформула - "Европа анҭыҵ урыстәылаа, Европа аҩнуҵҟа америкаа, анемццәа – хылаԥшра рызуа". Иахьа имҩаԥысуа иаанаго 70 шықәса раԥхьа аус зыдулаз аконцептуалтә ԥыжәара НАТО азыхынҳәит ауп", - иҳәеит Лавров апресс-конференциаҟны.

Иара иажәақәа рыла НАТО иахьагьы уаанӡеиԥш аурысқәа Европа рыҟазаара алмыршароуп. Америкаа ракәзар анемеццәа рыдагьы Европа зегьы рнапаҿы иркуп.
Лавров иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәылеи Мраҭашәареи уаанӡатәи реизыҟазаашьа аиҭашьақәыргылара залыршахом иахьа аколлективтә Мраҭашәара, ОБСЕ уҳәа рхымҩаԥгашьа азгәаҭаны.
Французский солдат из Международных сил содействия безопасности (ИСАФ) под руководством НАТО - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2022
Шоигу: НАТО Урыстәыла аанкылара ацынхәрас аҳәаақәа рҟны "аколлективтә ҽыхьчарахь" ииасуеит
"Идыруп мраҭашәаратәи ҳгәылацәа, уаанӡатәи ҳпартниорцәа мышкызны Европа ашәарҭадараз аицусура рҭаххозар ишалымшо. Избанзар аиҭашьақәыргылара иаанаго уаанӡеиԥш аҟазаароуп. Аха уаанӡеиԥш абизнес амҩаԥгара зыҟалом" ҳәа иҳәеит Лавров.
Иара иазгәеиҭеит Мраҭашәареи ОБСЕ-и рхымҩаԥгашьа ишцәырнаго азҵаарақәа аиҿкаареи Урыстәылеи реизыҟазаашьазы аиԥш иара аиҿкаара ахаҭа аҟазааразгьы.
Урыстәыла Мраҭашәареи ОБСЕ-е рахь уаанӡатәи реизыҟазаашьақәа узышьақәыргылаӡом ҳәа азгәеиҭеит Лавров.
Иара иҳәеит Урыстәыла иалшо зегь шыҟанаҵо ауаҩытәыҩса ицәымӷра аидеологиа Украинеи Европеи иалазырҵәо ауаа аус рыцмуразы.
Лавров иажәақәа рыла европатәи адипломатиа Украина хьчатәуп ҳәа ааԥхьара аныҟанаҵо, уи европатәи адоуҳатә беиарақәа ахьчоит азоуп ҳәа иаԥхьаӡоит. Ҳара ари аҩыза адипломатиа аус ацура ҳҭахӡам иҳәоит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0