Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украина иҭҟәаны ирымаз 50-ҩык Урыстәыла аруаа ырхынҳәуп

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозвращение российских военнопленных с территории Украины
Возвращение российских военнопленных с территории Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2022
Анапаҵаҩра
Зхы иақәиҭыртәыз аҭҟәацәа зегьы амедицинатәи апсихологиатәи ацхыраара роуеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны 50-ҩык урыстәылатәи аруаа Украина иҭҟәаны ирымаз рхы иақәиҭуп, абри атәы аарыцҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны аԥшьаша.
"Ԥхынҷкәын акы азы имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны киевтәи арежим иаҵанакуа адгьылҵакырантәи рхы иақәиҭуп зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз 50-ҩык урыстәылатәи аррамаҵурауаа", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла арра-транспорттә авиациа аҳаирпланқәа рыла Москваҟа иаагахоит Украина итҟәаны иҟаз урыстәылатәи аруаа рыхәшәтәреи ргәабзиара ашьақәыргылареи рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0