Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи ар украинатәи аҳаирпланқәа Су-25-и МиГ-29-и карыжьит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота ЗРК "Бук-МЗ" и радиолокационной станции "Небо-СВ" на Украине
Работа ЗРК Бук-МЗ и радиолокационной станции Небо-СВ на Украине   - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2022
Анапаҵаҩра
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 336 ҳаирыплан, 177 вертолиот, 2599 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 391 зенит-ракетатә комплекс, 6953 танки акәылӡымашьынеи.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи аҳаирпланқәеи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәеи украинатәи аҳаирпланқәа Су-25-и МиГ-29-и карыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Украинка аҟны урыстәылатәи авиациа иканажьит аҳаирплан МиГ-29. Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Никольское аҟны аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит украинатәи аҳаирыплан Су-25", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.
Уи адагьы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Лугансктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭақәа Сватово, Краснореченское, Червонопоповка, Голиково, Сторожевка рҿи Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Егоровка аҿи.
Учебно-тренировочные полеты палубных истребителей Северного флота - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2022
Приморие аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан МиГ-31 каҳаит
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 336 ҳаирыплан, 177 вертолиот, 2599 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 391 зенит-ракетатә комплекс, 6953 танки акәылӡымашьынеи, 908 реактивтә система, 3648 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 7437 ак автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0