Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵиаақәа ркарантин азы аинспекциа алшарақәа ртәы

Џьынџьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵиаақәа ркарантин азы аинспекциа алшарақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны аҳәынҭқарратә инспекциа 30 шықәса ахыҵит. Аԥсны аҵиаақәа ишәарҭоу ачымазарақәа рызцәырызгарц зылшо, аԥырхага ҟазҵо ахәаҷақәа рҟынтә ахьчареи аиқәырхареи, иара убасгьы афатә аалыҵ Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииарго ма иҭаргало агәаҭареи рзы русура ахьынӡеиҿкаау атәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны аҳәынҭқарратә хылаԥшырҭа аиҳабы Аркадии Џьынџьиа.
"Ачымазарақәа Аԥсныҟа иҭалозар хылаԥшра арҭоит адәныҟатәи акарантинтә хылаԥшра аусзуҩцәа. Дара аҳәаақәа рҟны Ԥсоу, Егры игылоуп, Аҟәагьы иҟоуп. Абаӷәазаҟны Ҭырқтәылантәи ашәыр анаарго, ахкқәа алхны игәарҭоит. Ԥсоу иҟоу аекспресс-лабораториаҟны игәарҭоит ахкқәа, уа рымч ақәымхозар арахьтәи ҳлабораториахь иаарышьҭуеит", - иҳәеит Џьынџьиа.
Иара иажәақәа рыла иаанагар зылшо ачымазара хкқәа зегьы еилдыргартә иҟоуп алабораториаҟны.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0