Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ашахматасҩы Тристан Кәарцхьиа Урыстәыла ачемпионат далахәхоит

© SputnikТристан Кварацхелия
Тристан Кварацхелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Аԥсуа ашахматасҩы Тристан Кәарцхьиа 2023 шықәсазы имҩаԥгахо Урыстәыла ачемпионат далахәхоит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсмен ихаҭа.
Ачемпионат алахәхаразы алшара иоуит Афедералтә округ аԥхьахә данаиааи ашьҭахь, аԥхьагылацәа ԥшьҩык рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп.

"Сгәы сҽанӡамкәа иҟалеит сҳәар ииашам, асиаҟны 13-тәи аҭыԥ аҟны сгылан, ахәбатәи атур аҟны избеит раԥхьатәиқәа ԥшьҩык рхыԥхьаӡараҿы сҟалар шсылшоз, сымчқәа зегьы еибысҭеит, сыгәҭакы анагӡара сылшеит", - иҳәеит Тристан Кәарцхьиа.

Аспортсмен иажәақәа рыла, атурнир алахәхара акыр аамҭа дазыԥшын, игәазыҳәарагьы нагӡахеит.
Уажәазы Тристан ачемпионат дазыҟаиҵоит Урыстәылантәи азыҟаҵаҩ, жәларбжьаратәи азҟаза Арсен Оганиан.
"Еиуеиԥшым ахәмаррақәа ҳрыхәаԥшлоит миттельшпиль (ашахматтә хәмарра апартиа- аред.), ендшпиль (ашахматтә хәмарра ахыркәшара-аред.). Азыҟаҵара бзиа сыманы сцоит Шәача имҩаԥгахо Урыстәыла ачемпионат ахь", - иҳәеит Кәарцхьиа.
Урыстәыла ачемпионат алҵшәақәа рыла еилкаахоит аспортсмен илахьынҵа. Тристан иажәақәа рыла, аԥхьагылацәа хҩык дырхыԥхьаӡалахар иԥсҭазаара ашахмат иадиҳәалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0