Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афон ҿыц апарк азы амшынҟызқәа аархәоит

© SputnikЛебеди в новом Афоне
Лебеди в новом Афоне  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2022
Анапаҵаҩра
Афон ҿыц апарк аҿы иҟаз амшынҟызқәа реиҳарак иҭынхадоу алақәа ирфеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Афон ҿыц анапхгара ирыгәҭакуп иҭахаз амшынҟызқәа рцынхәрас аҿыцқәа аархәарц. Абри атәы иҳәеит Афон ҿыц ахада Ҭемыр Оҭырба есымчыбжьатәи аилатәараҿы.
Оҭырба иҳәеит амшынҟызқәа реиҳарак ихуаадоу алақәа иҭадырхеит ҳәа.
"Ауаа алақәа ааганы ақалақь аҿы иоурышьҭуеит. Ашәарыцалақәа ҟьалан ианаауа ыҟоуп. Урҭ аԥсаатәқәа рхәаҽуеит, ишырҟазшьоу ала", - иҳәеит Оҭырба, иагьазгәеиҭеит ақалақь аҿы ари апроблема егьырҭ ареспублика аҭыԥқәа рҿеиԥш иҵарны ишыҟоу.
Мшынҟызк ақалақь 30-50 нызқьмааҭ ақәнарӡуеит. Афон ҿыц анапхгара иазԥхьагәанаҭоит иҭахаз рцынхәра раахәара ргәы ишҭоу.
Афон ҿыц ахадара ариаҵәаратә нхамҩа аҟәша аусзуҩ Вадим Шарапов иҳәеит хәышықәса раԥхьа Амшынԥшаҳәатә парк аҿы ишыҟаз 24 мшынҟыз. Уажәазы рыԥсы ҭаны иҟоуп мшынҟыз шкәакәаки аиқәаҵәақәа хәбеи.
"Иара убасгьы акәатақәа аԥхасҭа роуит. Ашәарыцалақәа урҭ аӡаҟынгьы иркуеит. Амшынҟызқәа Краснодар иаахәатәхоит, аха проблемас иҟоу - ари аҩыза аҭагылазаашьа аанкылара азҵаароуп. Иӡбоуп урҭ иахьарку аҭыԥ аҿы инклыазарц, ахылаԥшҩы дрыҭазарц", - иҳәеит Шарапов.
Иара иажәақәа рыла, еиҭахгьы ипроблеманы иҟоуп ацрыҵсистемаҟынтә апарк аӡҭарчқәа рахь аӡыҟьашь анеира. Аԥхынразы аӡы ашәаҟьа хылоит, аҭааҩцәа идымрыцқьо џьыршьоит.
Шарапов иҳәеит уи агәаанагара шиашам.
"Аӡҭарчқәа рҿы иҭиаауеит канадатәи аӡҵиаа. Уи ԥсабаратәла аӡы арыцқьоит, аха ацрыҵцарҭақәа рҟынтәи ахимиатә реагентқәа аннеилак, аӡҵиаа ԥсуеит", - иҳәеит иара.
Аҭагылазаашьа аҭҵаарази аӡбарази Афонҟа инаԥхьан аекологцәа. Дара иазгәарҭеит аӡҭарчқәа рҿы ареагентқәа шырацәоу, абжьгара ҟарҵеит апарк ахь Ԥсырӡха аӡаҟынтә ишиашоу атруба нагазарц. Аха Шарапов иазгәеиҭеит уи уажәазы ишзалмыршахо. Апроект ахә шдуу.
Амшынԥшаҳәатә парк 4,8 гектар иҟоуп. Урҭ рҟынтәи 1,4 гектар аӡҭарчқәа иныркылоит. Апарк аҵакыраҿы 150 ҵлахкы ирызҳауеит: аԥсаӡқәа, апальмақәа, амагнолиақәа, ачамҳашқәа убас егьырҭгьы.
"Аҵлақәа ринвентиризациа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп, "ахсаала иаҵәа" азҳархиоит. Ари аус ашьҭахь ҵлацыԥхьаӡа ашьапаҿы икыдҵахоит инарҭбаау ахҳәаа. Ас аҭагылазаашьа еиҳа еилыккахоит", - иҳәеит иара.
Иара убасгьы Шарапов апарк иамоу ауадаҩрақәа ирхиԥхьаӡалеит апальматә маҵа иҟанаҵо аԥхасҭа. Ари иаҿагыланы ауснагӡатәқәа шықәсык ахь ҩынтә-хынтә имҩаԥыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0