Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: "Софичка" аԥхьарбара, ашықәс асахьаҭыхыҩ, "Ҳауа иӷәӷәада?"

© Sputnik / Томас Тхайцук Репетиция спектакля Софичка в РУСДРАМе
Репетиция спектакля Софичка в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ԥхынҷкәын 5-11 азтәи акультуратә хҭысқәа рафиша шәыднагалоит.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Иааиуа амчыбжь культуратә хҭысла рацәак ибеиамзаргьы, уезгьы иҟоуп уаамҭа ахьухугаша.
Аҿар ртеатр аҿы ԥхынҷкәын 5 асааҭ 16:00 рзы иддырбоит ахәыҷтәы спектакль “Ҳауа иӷәӷәада?”. Апиеса ахшыҩи агәеилцареи ишрылшо ақәҿиарақәа, аҩызцәа роура атәы еиҭанаҳәоит.
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2022
Аԥсны
"Ҳауа идагәада?": аԥсуа театр аԥхьарбара
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ԥхынҷкәын 6 асааҭ 13:00 рзы иаатуеит ацәыргақәҵа "Ашықәс асахьаҭыхыҩ". Аекспозициа аус ауеит ԥхынҷкәын 13 рҟынӡа.
Искандер ихьӡ зху адраматә театр аҿы ԥхынҷкәын 9 - 10 асааҭ 19:00 рзы аспектакль “Софичка” аԥхьарбара ҟалоит. Абзиабара, агәреибагара, анажьра рҭоурых Фазиль Искандер иҩымҭа шьаҭас иамоуп.
Акультуратә ҭыԥ SKLAD аҿы ԥхынҷкәын 7 асааҭ 19.00 рзы афильм ддырбоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0