Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагԥҳа аԥсуа-абаза жәлар реибабареи ргәыбылреи иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагԥҳа аԥсуа-абаза жәлар реибабареи ргәыбылреи иазкны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресс аабатәи аизара ду амҩаԥгара азгәаҭоуп ԥхынҷкәын 7-8 рзы. Иахьа аконгресс аҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәеи, уи анаԥҵаз аамҭазы иалнаршази, аиашьаратә жәларқәа рыбжьара аимадарақәеи агәыбылреи рыбжьаҵаразы иҟоу алшареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Лили Ҳагԥҳа.
Аԥсуа-абаза конгресс ҳәа иахьаԥшьаргаз даара ииашаны иҟаҵаз шьаҿан ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагԥҳа. Лара хаҭала еиҭалҳәеит абаза жәлари лареи реимадара атәы. Аконгресс имҩаԥнаго аусқәа рыда ԥсыхәа ыҟаӡам лҳәеит Ҳагԥҳа аиҿцәажәараҿы. Аибашьраан Нхыҵ Кавказ ҳашьцәа рхымҩаԥгашьа ахәшьара алҭеит. Илгәалалыршәеит Аконфедерациа аштаб анеиҿкааха актәи амш инаркны аусура атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0