Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хәытԥҳа еиҭалҳәеит Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ахшара рацәа змоу рзы цхыраарас иҟарҵаз атәы

Хәытаԥҳа еиҭалҳәеит Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ахшара рацәа змоу рзы цхыраарас иҟарҵаз атәы
Анапаҵаҩра
Абизнес знапы алаку Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа Аԥсны ахшара рацәа змоу ашәҵатәы рзаарышьҭит. Урҭ реихшара шымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аспециалист Милана Хәытԥҳа.
Агәыразратә цхыраара ҟанаҵеит 2022 шықәсазы еиҿкааз Ҭырқәтәыла иҟоу хылҵшьҭрала иаԥсыуаау абизнесуаа рассоциациа.
"Ассоциациа ҿыц ахаҭарнакцәа агәыразратә цхыраара Аԥсныҟа иаарҭиит, зхаҭабзиара ҳараку аӡынтәи ашәҵатәқәеи ашьаҵатәқәеи 500 цыра инарзынаԥшуа. Еиҳарак уи хышықәса инаркны зхыҵуа адуцәа рҟынӡа ирзырхоуп", - лҳәеит Хәытԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0