Москва амҵан анацистцәа ргыгшәыграқәа аазырԥшуа адокументқәа рымаӡара рхыхуп

© Sputnik / Евгений ХалдейСолдаты Красной Армии ведут бой в районе Керченского металлургического завода.
Солдаты Красной Армии ведут бой в районе Керченского металлургического завода. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2022
Анапаҵаҩра
Адокументқәа цәыргоуп Москва амҵан асовет ар рконтржәылара 81 шықәса азгәаҭара амш – ԥхынҷкәын 5 иазкны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Урыстәыла АшәМ иакьыԥхьит 1941 шықәсазы анемец ар Волоколамск имҩаԥыргоз агыгшәыграқәа аазырԥшуа адокументқәа. Ароуп иахьрылагаз Ниурнбергтәи апроцесс аани егьырҭ СССР ақалақьқәа рҿы арратә трибуналқәа рҿи анацист цәгьоуцәа ахара рхаразҵоз аршаҳаҭрақәа реизакра.
Москватәи аибашьраан, Ар Ҟаԥшь хацәынмырха ишгылазгьы, 1941 шықәса жьҭаара 27 рзы Гитлер ируаа Волоколамск рнапахьы иааргеит, аоккупациа 1941 шықәса ԥхынҷкәын 20 рҟынӡа иҟан. Арҭ аҭыԥқәа рҿы СССР НКВД аусзуҩцәа апартизантә еиҿкаарақәа аԥырҵеит. Волоколамтәи апартизанцәа иҭадырхеит 280-ҩык рҟынӡа аӷа исолдаҭцәеи иафицарцәеи.
Здание Федеральной службы безопасности РФ (ФСБ России) на Лубянской площади в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
"Смерш" агентцәа рфырхаҵарақәа ртәы зҳәо адокументқәа рыларҵәоуп
Иркьыԥхьыз адокументқәа рҿы иаарԥшуп анацистцәа Волоколамск гәымбылџьбарала рхымҩаԥгашьа.
"600-ҩык инарзынаԥшуа итҟәаз асовет аруаа Волоколамск ақалақь аҿы ԥшьбаны еихагылаз аҩны иҩнакын. Уа дара дыргәаҟуан акраамҭа, нас анемеццәа аҩны амца ацрарҵеит. Адәылҵра зҽазызшәоз зегьы иреихсны иршьуан" - ари зыблала избаз ражәақәа еиҭаҳәоуп 1941 шықәса ԥхынҷкәын 23 рызтәи 16-тәи ар НКВД Аҟәша ҷыда аиҳабы, ашәарҭадара амаиор Васили Шилин иазирхиаз адырратә жәахәынҵаҿы.
1941 шықәса ԥхынҷкәын 27 рзтәи адырранҵа ҷыдаҿы 20-тәи ар НКВД Аҟәша ҷыда аиҳабы, ашәарҭадара амаиор Филипп Агеенков иааигоит аҭынч уааԥсыра аоккупантцәа иргәаҟны рыԥсы шҭырхуаз атәы зҳәо ахҭысқәа.
Нацистские концлагеря – преступление против человечности. Кадры из архива - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Кавказ 47-ҩык ачымазҩцәа анацистцәа ишҭадырхаз атәы зҳәо адокументқәа рымаӡара рхыхуп
"1941 шықәса ԥхынҷкәын 9 рзы ақыҭа Ново-Рождественное, Ново-Петровсктәи араион иаҵанакуа, аҿы афашистцәа аколхоз аҿы аус зуаз Иванов Антон дкыдҵан дыршьит ишьапымаҭәа ишьхны иахьриимҭаз азы. Ԥхынҷкәын 11 рзы ақыҭа Дельково аҿы анемеццәа ддырбаандаҩит 55 шықәса зхыҵуаз аколхоз активистка Травникова Евдокиа Алексеи-иԥҳа. Акраамҭа дандыргәаҟ ашьҭахь деилыхны аҵаа дыларҵеит, 10 километрак рҟынӡа шьапыла дкарцеит. Илылымшо даналага илеихсны дыршьит", - ҳәа иҩуеит Агеенков.
Зынӡа Иҷыдаз аҳәынҭкомиссиа иҭнаҵааит иагьышьақәнаргылеит анемец-фашистцәеи урҭ рҵыхәакцәеи рыцәгьоурақәа. Иазырхиан 54 нызқь акт, зҿахәы зҿырхыз ашаҳаҭцәа рҟынтәи 250 нызқь ԥкаанҵа.
Генеральная прокуратура РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2020
Ҟәбан Аџьынџьтәылатә еибашьраан анацистцәа рыцәгьоуразы аус еиҭахацдыркит
Арҭ адокументқәа иаадырԥшуеит Асовет Еидгыла аҵакыраҿы афашистцәа миллионла рнапаҿы иҟаз аҭыԥқәа рҿы аҭынч уааԥсыра, хәыҷи-дуи аӡә деилымхкәа ишдыргәаҟуаз, ишыршьуаз. Акомиссиа 4 миллионк рҟынӡа ԥхасҭа ракт шьақәдыргылеит. Аматериалқәа рышьаҭала ишьақәыргылан ацәгьоуцәа рнапхгаҩцәеи рынагӡаҩцәеи рыхьӡқәеи рыжәлақәеи. Актқәеи адыррақәеи шьаҭас ироуит СССР ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы анацист цәгьоуцәа румҭақәа ирықәыӡбоз апроцессқәа.
Иара убас акомиссиа адокументқәа акрызҵазкуа ршаҳаҭганы ицәырган анемец цәгьоуцәа иахьрықәыӡбоз Ниурнбергтәи апроцесс аҿы.
Солдаты Красной Армии ведут бой в районе Керченского металлургического завода. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Аӡбарҭа: Аибашьра Ду аан Ленинградтәи аобласт аҿы анацистцәа агеноцид мҩаԥыргон
Ажәабжьқәа зегьы
0