Ԥшь-нызқь тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтәи Краснодартәи атәылаҿацә ахь иргахьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2022
Анапаҵаҩра
Зынӡа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рыла Урыстәылаҟа ииаргахьеит 3177 партиа аҳәаанырцәтә мандаринақәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжьа рыла Аԥснынтәи Краснодартәи атәылаҿацә ахь инаргахьеит 4,3 нызқь тонна амандарина, абри атәы аанацҳауеит Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа.
Ацитрусқәа Краснодартәи атәылаҿацә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рыла инаргон х-тәылак рҟынтәи:
Ҭырқәтәыла - 2717 партиа зеиԥш капанла 59,4 нызқь тонна,
Аԥсны - 444 партиа зеиԥш капанла 4,3 нызқь тонна,
Египет - 16 партиа зеиԥш капанла 0,4 нызқь тонна.
Партиацыԥхьаӡа Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа афитосанитартә гәаҭара иахыжьын.
Ажәабжьқәа зегьы
0