Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Лазба афымцалашара ахә ацҵара иахьыԥшу азҵаарақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Лазба афымцалашара ахә ацҵара иахьыԥшу азҵаарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Афымцалашара ахә ацҵара аҩбатәи аетап ааигәахара иалагеит, аха иҟоума алҵшәа актәи аетап аҟынтә, насгьы аенергокризис аамҭазы уи хҟьаԥҟьақәас иахылҿиаар алшои, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Афымцамчҭира аусбарҭа ԥасатәи аиҳабы Инал Лазба.
Афымцалашара ахә ацҵара иҟанаҵаз анырра атәы аҳәара макьана изаацәоуп ҳәа азгәаиҭеит Лазба аиҿцәажәараҿы, иара иҳәеит, ишаԥу еиԥш, ашықәс анҵәамҭазы ауааԥсыра даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ишнеиуа алашара ахә ахыршәаарцаз, ауал рықәырхырцаз, убри аҟнытә ҩынтә еиҳахоит иаланагало аԥарақәа, ахә ҩынтә иҳараркит, ус анакәха, иаанагогьы ус еиҳазароуп, аха макьана еиӷьны аԥарашәара иалагеит ҳәа аҳәара уадаҩуп иҳәеит иара.
"Атариф шьҭыхтәын, уи амҩа иқәлатәын, аха ажәлари аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа бзиа шьақәгыларцаз, ауаҩы ак анимухуа, уаргьы ак иуҭароуп. Сара сгәанала, Аҽгәара аремонт аҟаҵарала ауааԥсыра ироур акәын алашара, иара Аминистрцәа реилазаарагьы ахықәкы уи акәын, ахә иацаҳҵоит, аха убри аан аӡын еиԥҟьарада алашара ҟалоит, аха ус еиԥш иҟамлеит. Сгәанала, иааигәахаз аҩбатәи ашьҭыхра, 80 копеик рҟынтә 1,30 рахь, макьана иахәҭаӡам. Аҽгәара азҵаара ӡбахар, анаҩс ауааԥсыра азыҟаҵатәуп атариф ашьҭыхра аҩбатәи аетап", - иҳәеит Лазба.
"Амшынеиқәафымцамч" Афымцамчҭира аусбарҭа ԥасатәи аиҳабы иара убасгьы аиҿцәажәараҿы иҳәеит афымцалашара ахәбжа ашәаразы азинҷыда шрыҭатәу излымшо ауааԥсыра, асиа аиҭахәаԥшра аус цоит аиҳабыра рҿы, аха уи ырластәуп ҳәа азгәеиҭеит Инал Лазба.
"Альготақәа анышьақәдыргылаз аахыс аҭагылаазаашьа акырӡа аҽаԥсахит. Иҟоуп иззымшәаҵәҟьо. Иаарҳәу аҭагылазаашьа ҳамоуп уажәы, уи риашатәуп. Азҵаара ықәгылоижьҭеи акрааҵуеит, аха ԥсахра ыҟаӡам. Амеханизм аԥҵатәуп афымцалашара ахә ацҵара ззышьҭымхуа рзы", - ҳәа иҳәеит Лазба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0