Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииАслан Бжания встретился с Ваге Петросяном
Аслан Бжания встретился с Ваге Петросяном - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәеи Архангельски ақалақьқәа рыбжьара аешьара рыбжьарҵеит 2011 шықәсазы, Архангельсктәи аоблост аҟынтәи аделегациа изныкымкәа Аԥсны иаҭаахьеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ, Агубернатор Иусбарҭеи Аиҳабыреи рнапхгаҩы Ваге Петросиан дидикылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Петросиан иаара хықәкыс иамоуп арегионбжьаратә усеицзуреи аизыҟазаашьақәа иҿыцу ахырхарҭақәа ралкаареи.

"Ҳтәылақәа русеицура, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ирыбжьоу аимадарақәа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазкуп. Иахьа Урыстәыла акәша-мыкәша аҭагылазаашьа уадаҩуп, уи еилыкка иаанарԥшит Урыстәыла иадгыло, ҩызара азызуаҵәҟьо, аԥхьаҟагьы Урыстәыла иадгылаҩцәаны иҟало", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Ваге Петросиан Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭаз Аԥсны иҟоу аиҭакрақәа агәахәара шинаҭаз. Иара убасгьы иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылара акыр шаҵанакуа.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
Глава МИД РФ С. Лавров принял участие в церемонии инаугурации Казань - Молодежная столица ОИС-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2022
Аԥсны
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада иофициалтәым ныҟәарыла Аԥсны даҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0