Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарацхьиаԥҳа амаҵзура Sputnik азы: аусура цәгьазаргьы ҳаизыҟазаашьақәа угәы шьҭырхуеит

Кәарацхьиаԥҳа амаҵзура Sputnik азы: аусура цәгьазаргьы ҳаизыҟазаашьақәа угәы шьҭырхуеит
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik иахьа 8 шықәса ахыҵит. Уи аусзуҩ ажурналист Сариа Кәарацхьиаԥҳа еиҭалҳәеит амаҵзурахьы лааира шыҟалаз, раԥхьа лусураҟны уадаҩрас илызцәырҵоз, иара убас лгәалашәараҿы иаанхаз ахҭысқәа ртәы.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аира иамшуп ԥхынҷкәын ааба. Акорреспондент Сариа Кәарацхьаиԥҳа араҟа аус луеит 2017 шықәса раахыс.
"Зегь реиҳа бзиа избо ҳусураҟны аинтерес зҵоу, аԥышәа ду змоу ауаа рацәажәара. Урҭ дреиуоуп Марина Барцыцԥха, анаҩс лареи сареи ҳаиҩызцәахеит…Раԥхьатәи ҩба-хԥа шықәса ирацәан ахҭысқәа аредактор - еиҳабы ианысҵоз атекст аиҳарак ҟаԥшьыла иаҵшьны ианааишьҭоз. Абри даараӡа угәы канажьуан раԥхьаӡа, уажәы ҳахыччо иаҳгәалашәалоит", - лҳәеит Кәарацхьиаԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0