Урыстәылауаҩ Бути америкатәи амҵәышәымпыласҩы Граинери еиҭнырыԥсахлеит

© AP Photo Apichart WeerawongВиктор Бут
Виктор Бут - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2022
Анапаҵаҩра
Виктор Бут иԥсадгьыл ахь ддырхынҳәит, америкатәи атәылауаҩ Граинер ЕАА рахь ҳаирпланла амҩа дықәуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik. Урыстәылауаҩ Виктор Бути америкатәи амҵәышәымпыласҩы Бриттни Граинери еиҭнырыԥсахлеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
"2022 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы Абу-Даби аҳаирбаӷәазаҿы иманшәаланы имҩаԥысит Урыстәыла атәылауаҩ Виктор Бути Еиду Америкатәи аштатқәа ртәылауаҩ Бриттни Граинери реиҭныԥсахлара. Урҭ Еиду Америкатәи аштатқәеи Урыстәылатәи Афедерациеи рбахҭақәа рҿы рхара рхыргон", – ҳәа ануп аусбарҭа адырраҭараҿы.
ААР аҿы иазгәарҭоит америкатәи аган акыр аамҭа ишақәшаҳаҭымхоз Бут аиҭныԥсахларатә сиа ианҵара, аха аиҿцәажәарақәа акыр рышьҭахь уи Урыстәылаҟа дырхынҳәын.
Виктор Бут ддырбаандаҩит 2008 шықәса рзы Таиланд даныҟаз Вашингтон иҟанаҵаз азыҳәала, анаҩс уи ЕАА рахь дыргеит, уа иара ахара идырҵеит америкауаа рышьразы аҽазыҟаҵарақәа еиҿикаауан, атерроризм афинанстә цхыраара аиҭон ҳәа, 25 шықәса аҭакра иқәырҵеит.
Америкатәи амҵәышәымпыласҩы Бриттни Граинер даанкылан 2022 шықәса жәабранмзазы Шереметиево аҳаирбаӷәазаҿы анаркотикқәа алалырҵәон ҳәа. Лара жә-шықәса ариашаратә колониаҿы ахыгара лықәырҵеит, миллион мааҭк ахараԥса лдыршәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0