Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡхыҵрақәа аԥхасҭа ззыруз Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра ҩ-миллион мааҭ инареиҳаны ирырҭеит

© Sputnik / Акоп КущянДенежные купюры
Денежные купюры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 9-10 рзы Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭа амшцәгьа ӷәӷәа ҟалеит. Аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны ацҳақәа ықәыӡәӡәаан, аҩнқәа аӡы рыҵалеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Ҩ-миллионки 660 нызқь мааҭ рзоужьуп Аҳәынҭқарра ахада ифонд аҟынтәи жьҭаарамзазы амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз Гәылрыԥшь араион анхацәа ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, анхацәа 50 инаркны 200 нызқь мааҭ рҟынӡа рнапаҿы ирыҭахоит.
"Арзаҳал алазҵаз 32 ҭаацәа иахьа инаркны абанк аҟны инеины ироуз ацхыраара рнапаҟны ирырҭартә аҭагылазаашьа ыҟоуп", - иҳәеит Џьопуа.
Жьҭаара 9-10 рзы Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭа амшцәгьа ӷәӷәа ҟалеит. Аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны ацҳақәа ықәыӡәӡәаан, аҩнқәа аӡы рыҵалеит Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рыҟны. Усҟан Гәылрыԥшь араион ахадара адырра ҟарҵеит 25 нхарҭаҭыԥ аԥхасҭа шроуз азы. Аиҳарак араион аҿы ақыҭанхамҩа, амҩақәа, ацҳақәа ааха роуит. Допуқыҭи Уарчеи еимаздоз ацҳақәа хнахит.
Ажәабжьқәа зегьы
0