Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳаразиа еиҭеиҳәеит Аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы еилаки русеицура шибо

Ҳаразиа еиҭеиҳәеит аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы еилаки русеицура шибо
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭкарратә еилаки рыбжьара нап аҵаҩын аусеицуразы аиқәшаҳаҭра. Иазԥхьагәанаҭои иара, абри атәы арадио Sputnik иаиҭаз аинтевиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭкарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Вадим Ҳаразиа аиҿцәажәараҿы иҳәеит, аофициалла аиқәшаҳаҭра шрыбжьамызгьы, аконгресси арепатриациазы ахеилаки аус шеицыруаз, инарыгӡо аусқәа ахьеиқәҿырҭуаз азы.
"Аконгресс аусураҿы иазгәаҭоуп адемографиа азҵаара, ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рҿы реидкылара, уҳәа, еиҿурԥшуазар, ҳара ҳкомитет аусуреи дара русуреи ахьеиԥшу даара ирацәоуп. Угәы иахәаратәы иҟоуп аконгресс аҿы аҿар рацәаҩны аус ахьыруа. Ҳара ҳаилак аҿгьы 80% аҿар роуп иҟоу", - иҳәеит Ҳаразиа.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭкарратә еилакы ахантәаҩы еиҭеиҳәеит наҟ-наҟтәи русеицура шибо атәы.
"Ақәгыларақәа рҿы ҳџьынџьуаа абызшәа апроблема шьҭырхит. Ҳара иаартны иҳамоуп акурсқәа абызшәа дырҵаразы, аха аконгресси ҳареи ҳамчқәа еилаҵаны еиҳагьы ирӷәӷәазар бзиан. Насгьы, ҳџьынџьуаа рхатә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәраҿы ҳаидгылар алшоит. Ҳԥышәагьы рԥышәагьы еидкыланы еиҳагьы ҳманшәалахоит ҳхықәкы анагӡараҿы. Дара рыпроектқәа ҳаргьы ҳалахәхоит, ҳара ҳапроектқәа даргьы алахәхоит. Абас ауп ишызбо ҳусеицура", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0