Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииПрезидент Абхазии провел совещание с главами администраций городов и районов
Президент Абхазии провел совещание с главами администраций городов и районов - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иргәалаиршәеит рнапы иану араионқәа рыҟны иҟоу аҭагылазаашьазы ирыду аҭакԥхықәра атәы, инаҵишьит аусхкқәа зегь рыҟны аинформациа асистематә ҟазшьа аҭареи хырхарҭацыԥхьаӡа адырра амазаареи рҵакы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәара 2022 шықәса аихшьала азура иазкын. Иазааҭгылеит афымцамч, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны аинвестициадԥхьалара аиӷьтәра, асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхак инамаданы иактуалтәу азҵаарақәа.
Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит есхымз еиуеиԥшым аусхкқәа русуразы аинформациа иҭара. Иара убас ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирылеиҳәеит Аԥсни Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аквалификациа аизырҳаразы алшара ҟалар шалшо.
Ажәабжьқәа зегьы
0