Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны атәылахьчара аминистр ицхырааҩ дааныркылеит изакәанымкәа абџьар ахьимаз азы

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки в наручниках.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Агәҩара ззыҟоу дахьынхо аҩнаҿы ирԥшааит атапанчеи уи ианаало ахқәеи, иара урҭ иднагалеит еилкааам аҭагылазаашьаан.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистр жәларбжьаратәи арратә усеицуразы иабжьгаҩ Александр Ачба дааныркылеит изакәанымкәа абџьар ахьимаз азы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Ачба дахьынхо аҩнаҿы иҵәахны иман атапанча "М57", уи ианаало ахқәа 22, иара урҭ ааихәеит ашьаусԥшаара еилнамкаац аамҭазы, еилнамкаац аҭыԥ аҿы, еилнамкаац аҭагылазаашьаан. Урҭ АШәМ аусзуҩцәа жьҭаара 28 рзы идырбалеит, иагьимырхит.
Александр Ачба иганахьала арратә прокуратура ашьаус хацнаркит. Агәҩара ззыҟоу ахара ихахьы игаӡом, АШәМ аҿы ашьаусԥшааразы ауаҩы аамҭалатәи иаанкыларҭаҿы дыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0