Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Паҷкориа: адунеи аҿы аԥсуаа зегьы еидкылатәуп, аҿаргьы убас

Паҷкориа: адунеи аҿы аԥсуаа зегьы еидкылатәуп, аҿаргьы убас
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи Аԥсуа-база конгресс аусура иалахәыз ҳџьынџьуаҩ, Ҭырқәтәыла иҟоу Калдахәара ақыҭа ахада Ерџьааи Паҷкориа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит адунеи аҿы инхо аԥсуаа реикылараҿы Адунеизегьтәи аԥсуа-база конгресс алагала.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора аконгресс аусқәа ҳацныҟәоит иҳәеит аиҿцәажәараҿы Паҷкориа. Уи ҳаиднакылоит, аҿар ираҳхәоит аконгресс аидгылара ишазку ҳәа азгәаиҭеит ҳџьынџьуа.
"Адунеи аҿы аԥсуаа зегьы еидкылатәуп, аҿаргьы убас. Ҳабызшәала ҳцәажәароуп, ҳкультура ныҟәаҳгароуп. Ахеидкылақәа имҩаԥыргон акурсқәа абызшәа дырҵаразы, аха апандемиа аан иаанкылан. Арҵаҩы аҿар идлырҵон абызшәа, акультура аганахьалагьы аусура цон, акәашара дзырҵоз дыҟан. Аҿар абызшәа дырҵатәуп. Ҩажәак иадамзаргьы мызкы ирҵар, рхаҿы иаанхоит", - иҳәеит Паҷкориа.
Ҳџьынџьуаҩ иҳәеит адунеи зегь аҿы инхо аԥсуаа ргәы шыбылуа Аԥсназы.
"Аимадара ҳабжьоуп. Ҳшеидгылаша атәы еибаҳхәоит. Аԥныҟа аара ҳҭахуп. Иахьа ҳанеибаба, ҳаигәырӷьеит. Шықәсык знык иадамхаргьы Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа аара атәы еибаҳҳәеит, иаҳа-иаҳа ҳаибабаларцаз", - иҳәеит Паҷкориа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0