Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Софичка" аԥхьарбара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Репетиция спектакля Софичка в РУСДРАМе
Репетиция спектакля Софичка в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 9 - 10 рзы имҩаԥгахоит аспектакль "Софичка" (арежиссиор Елена Одинцова) аԥхьарбара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Софичка" аԥхьарбара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа, РУСДРАМ аҟны.
"Софичка" хәышықәса раԥхьагьы студенттә спектакльны иддырбахьан. Аха иахьа, РУСДРАМ адиректор Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, ақәыргыламҭа даҽа бжьык, даҽа цәак ахоуп.
"Софичка" - Фазиль Искандер иҩымҭақәа ирылху аҩбатәи спектакльуп РУСДРАМ аҿы сынтәазы. Иракли Хынҭәба иҳәеит атеатр ашәҟәыҩҩы ихьӡ ахуп, ус анакәха автор иҟазара аларҵәалатәуп ҳәа.
"Ҳара ҳхықәкқәа иреиуоуп Искандер иҟазара аларҵәара, ԥсра зқәым итекстқәа иргәылаҵәаху ахшыҩҵакқәа раарԥшра, ахәаԥшцәа рызнагара", - иҳәеит адиректор.
"Софичка" актуалра аҵоуп, иахьатәи аамҭа иазку спектакльуп иҳәоит РУСДРАМ ахада.
Елена Одинцова атеатр анапхгара ҭабуп ҳәа ралҳәеит аспектакль ақәыргылара ахьалшаз.
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 9 - 10 рзы имҩаԥгахоит аспектакль "Софичка" (арежиссиор Елена Одинцова) аԥхьарбара.
Ароль хада налыгӡоит - актриса Аманда Кәарацхьелиаԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0