Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба аекономикеи атуризми рганахьала Аԥсни Ҭаҭарсҭани реимадаразы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба аекономикеи атуризми аганахьала Аԥсныи Ҭаҭарсҭани реимадаразы
Анапаҵаҩра
Аекономикеи атуризми русхкқәа рҟны Аԥсни Ҭаҭарсҭани реимадара иаҳнаҭо, насгьы иҿиар шԥалшои ҩ-тәылак русеицура, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит атуризм ахырхарҭаҿы акыршықәса аус зухьоу, Ауаажәларратә палата алахәыла Асҭамыр Ахба.
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханов ҽнактәи иофициалтәым ныҟәарала Аԥсны даҭааит абҵарамза 4 рзы. Аԥсни Ҭаҭарсҭани рхадацәа Гагреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҟны аинвесторцәа адзыԥхьалар зылшо аҭыԥқәа ирҭааит. Атәыла ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауаз ала, Минниханов Аԥсныҟа иаара хықәкыс иаман аекономикеи атуризми русхкқәа рҟны аимадарақәа рырӷәӷәара.
Ауаажәларратә палата алахәыла Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, аиԥылара ҳаизыҟазаашьақәа шыбзиоу шьақәнарӷәӷәоит. Атуризм аганахьала Ҭаҭарсҭан аиҭакрақәа мҩаԥысит, аҿиара бзиа ҟалеит аҵыхәтәантәи аамҭаз, уи аԥышәа ҳтәылазы ихәарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ахба.
"Атәыла ҭоурыхла ибеиоуп, уи рхы иадырхәоит. Имаҷым ахҭысқәа атуристцәа адзыԥхьало. Аинвесторцәагьы маҷым иҟоу. Ари зегьы ҳара иаҳҭахуп, русура алкаақәа ҟаҵаны, аинвестициатә программа ҟаҵазар, иаҳзеиӷьхон", - иҳәеит Ахба.
Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, Урыстәыла имҩаԥнаго адәныҟатәи аусура инамады Аԥсныҟа иаауеит аинвесторцәа. Иаҳҭахуп аусурҭатә ҭыԥқәа, аха урҭ рхарҭәааразы ауааԥсырагьы азыҟаҵара бзиа рымазароуп ҳәа азгәаиҭеит уи.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0