Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Делба 2023 шықәсазы азеиԥшҳәынҭқарратә харџьқәа ишрыцло атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьараан ирыдыркылеит 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik. 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект инақәыршәаны аныхратә хәҭа "Азеиԥшҳәынҭқарратә харџьқәа" 2 миллиардки 674 миллиони 910 нызқь мааҭ арбоуп.
Ари 2022 шықәса аасҭа 683 миллиони 385 нызқь мааҭи рыла еиҳауп. Апарламент аилатәараҟны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит арҭ аныхрақәа ачынуаа шракәым изықәхарџьхо.
Иара еиҭеиҳәеит урҭ рныхра хырхарҭақәас иамоу.
2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет азеиԥшҳәынҭқарратә харџьқәа*

Аныхратә хәҭаҷ

Аицҵалыҵ

Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаҿы анхараз ишәарҭоу аҩнеихагыла ауааԥсыра егьырҭ анхарҭақәа рахь реихшара

350 000 мааҭ

Аҳәынҭуал ашәара

31 миллион мааҭ

Апарламент аусура аиҿкаара

66 миллиони 900 нызқь мааҭ

Анагӡаратә мчра аусбарҭақәа: ахада Иусбарҭа, Ашәарҭадаратә хеилак, Аминистрцәа реилазаара, Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аилак, Аҳәынҭмазараз аилак, Аҳәынҭстандарт, Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа русура

203 миллиони 588 нызқь мааҭ

Аӡбарҭатә система аусура

221 миллиони 660 нызқь мааҭ

Агәаҭаратә палата, Аҳазалхратә еилакы, Афинансқәа рминистрра, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра русура

537 миллиони 238 нызқь мааҭ

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат, ахаҭарнакрақәа, ацҳаражәҳәарҭақәа русура

102 миллиони 324 тнызқь мааҭ

Аԥсны АКХ аусура

5 миллионки 951 нызқь мааҭ

Ахада ирезервтә фонд

400 миллион мааҭ

Аиҳабыра ррезервтә фонд

200 миллион мааҭ

Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр

190 миллиони 985 нызқь мааҭ

Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа

28 миллиони 350 нызқь мааҭ

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Агәыҳалалратә фонд

5 миллионки 829 нызқь мааҭ

Ауаажәларратә палата

2 миллионки 260 нызқь мааҭ

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет азеиԥшҳәынҭқарратә харџьқәа*

Аныхратә хәҭаҷ

Аицҵалыҵ

Акадастртә палата

6 миллионки 255 нызқь мааҭ

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчараз азинмчы змоу Иаппарат

5 миллионки 577 нызқь мааҭ

Ахәыҷы изинқәа рыхьчараз азинмчы змоу Иаппарат

2 миллионки 400 нызқь мааҭ

Жәларбжьаратәи аимадарақәеи агуманитартә зҵаарақәеи рымадаразы ахада ихаҭарнак и-Аппарат

6 миллионки 600 нызқь мааҭ

Аԥсны Абыргцәа рхеилак

миллионки 605 нызқь мааҭ

Аџьынџьтәылатә еибашьреи, аџьеи, Аԥсны Арбџьармчқәеи рветеранцәа рхеилак

миллионки 900 нызқь мааҭ

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара

150 миллион мааҭ

Аҵәахбанк алагалақәа змаз рзы акомпенсациа

2 миллион мааҭ

Ихьыԥшым АИХқәа рыцхраара

4 миллионки 200 нызқь мааҭ

* Аԥсны Апарламент 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект актәи аԥхьараан ирыдыркылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0