Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гындиаԥҳа Лаҭатәи арыцҳаразы: ахәыҷқәа ранацәеи дареи рылахь акгьы анӡамызт

Гындиаԥҳа Лаҭатәи арыцҳаразы: ахәыҷқәа ранацәеи дареи рылахь акгьы анӡамызт
Анапаҵаҩра
Аибашьраан Ԥақәашь иалахан иҟаз Кама Гындиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Лаҭатәи арыцҳара илцәалаӡыз рҭоурых, урҭ Гәдоуҭаҟа ицарцаз авертолиот рҭалара шыҟалаз, насгьы ари арыцхә рыԥсҭазаара ишанырыз.
30 шықәса ҵит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа алызгоз агуманитартә вертолиот иеихсны ирближьҭеи.
Ари амш ҳхашҭӡом ҳаԥсы ҭанаҵы, алацәажәарагьы цәгьоуп ҳәа азгәалҭоит Кама Гындиаԥҳа, лыбжьы ҵысҵысуа.
"Усҟан зегьы ҳаицыҟан Ԥақәашь. Сан лаҳәшьеи лыӡӷаб хәыҷи, саб иаҳәшьа лмоҭеи лҭацеи, сҭаца лхәыҷқәеи, саргьы ахәыҷы дсыман. Ҳхәыҷқәа зынӡа имаҷӡан. Ҳалҵыр ҳҭахын. Иуадаҩхеит аҭагылазаашьа. Ахәыҷқәа ҳзалгозар ҳәа ҳхәыцуан", - ҳәа еиҭалҳәеит Кама.
Ҽнак хҭаацәарак рҟнытә анацәеи ахәыҷқәеи цеит Аҟәарчаԥанҟа авертолиот изҭалозар ҳәа.
"Х-ҭаацәарак еизааигәаз ҳашьҭит. Саб иманы дцеит, саргьы исҭаххеит, аха сҭаацәа ақәымшаҳаҭхеит. Амҽыша иахьнеиз авертолиот изҭамлаӡеит, ауха уа иаангылоит Самсониаа рҭаацәараҿы. Ашәахьа ишьҭит. Цәгьаԥсышьала иҭасҵеит ҳәа сеиҳәеит саб данааи. Иара ахаангьы далацәажәар иҭахӡамызт ари. Ахаан ичмазаҩымхацыз, агәхьаа изнарҵысит… Абарҭ ахәыҷқәа рыбжьы ахаан исхашҭӡом иҳәон… Аижәылара аныҟала, иаршәеит, рнапхәыҷқәа рхаханы ҳҭыг ҳәа иҳәҳәон. Зегьы ҳрыгәҭасны наҟ иҳазҭаҵозар ҳәа ҳаҿын ҳәа исзеиҭеиҳәеит. Авертолиотқәа шьҭыԥрааит. Ԥақәашьҟа амҩа ҳшықәыз Очамчыра аган убысҟак ихысуан игәырӷьаны (ақырҭцәа - аред.). Ҳара ари зегьы иаҳбон, аха иҟалахьаз атәы ҳаздыруамызт", - ҳәа еиҭалҳәеит Гындиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0